Аԥсны

"Ауаа реиныршәараҿы ицхыраагӡаз": амахазы дыррақәак

Аимак-аиҿак аҭышәныртәалараҿы амаха ҵакыс иамаз атәы Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҿы.
Sputnik
Аԥсҭазаараҿы зеиԥш ҟамло егьыҟам. Ҩыџьа рыбжьара еимакык-еиҿакык, гәынхарак ҟалар, руаӡә алаба иаахар, мамзаргьы ахәра иоур, - згәы нхаз, ахьымӡӷ згаз уи ҭакда иаанимыжьырц иҽазишәоит. Иҟалаз ацәгьара еиҳа еицәоу ахылымҿиаарц азы маак арҭарц, мҩак иқәырҵарц рҽазыркуан аинраалаҩцәа.

Ажәлар рыбз хәшәуп

Ажәлар рыбз хәшәуп, ахәра арӷьоит. Ажәлар рыбз зхьыргӡаз аус ҿаҳәахоит, ауаҩы ахьымӡӷ игазар ихнахуеит. Уинахыс ҽԥныхәак аӡәы иҟаиҵараны изалшом.
"Аҵыс ашьапы ахьыԥҵәаз здыруаз, еиԥызшьуаз" иреиуан аԥсуа быргцәа-ҟәыӷацәа. Дара згәы нхази агәынхара зхылҿиаази ирыбжьаҟазон, еиндраалон.
"Ажәлар рыбз хәшәуп": аԥсуаа аусеилыргара шымҩаԥыргоз
Аус зеиԥшроу анеилыркаалак ашьҭахьоуп еинраалашьас иамоу анырдыруаз. Аинраалаҩцәа аус аӡбара иалагаанӡа згәы нхаз иацәажәон, дзыхҟьаз, ишыҟалаз еилыркаауан, нас агәынхара зхылҿиааз иацәажәон, иҽызхирҟьаз еилыркаауан. Урҭ ражәақәа рхы ахьцауа ангәарҭалак ашьҭахьоуп реинрааларазы абжьацәажәара ианалагоз.

Амаха ауаа реиныршәараҿы

Аԥстәы ажьыхәҭақәа рахьтә амаха ахатәы ҭоурых хәыҷык амоуп, иара ажәытәан ауаа реиныршәараҿы ицхыраагӡан. Ауаа реиныршәара иазынархаз ажәытә ҵас иахьӡын – амахамҵаҵара.
Аимак-аиҿак аҭышәныртәалараҿы ажәытәан амаха ҵакыс иамаз шьақәнарӷәӷәоит аҩажәатәи ашәышықәсазы Ҟәланырхәатәи анхаҩы Кәыҷа Лакрба иҟнытә ианҵаз аетнографиатә нҵамҭа "Аиӷацәа реиныршәаразы амаха иаҵанакуа" захьӡу.
"Аԥылса", "ашԥылса", "аԥылгыды": акәац жьыхәҭақәеи урҭ рыхьӡқәеи
Уа ишеиҭаҳәоу ала аинраалаҩцәа агәынхара зхылҿиааз ишьҭахьҟала инапқәа еибаркны, дрыгәҭылакны згәы нирхаз иашҭа инҭалоит, уа аҩыџьагьы рнапқәа еибадыркуеит. Ишгылоу ҵәыцақәакгьы ржәуеит. Уаантә рызынтәык шеицу агәынхара зхылҿиааз иҩнаҭаҿы инеиуеит. Уа аԥшәмацәа рԥылоит, аԥсшәа еибырҳәоит. Аишәачара мазеиуп, рнапқәа ӡәӡәаны рхәы инадтәалоит.
Акрыфара рнапы адыркаанӡа, аинраалаҩцәа реиҳабы иажәа хациркуеит.
– Дадраа, ҳаззныҟәаз ҳус маншәалахеит. Иара ишатәу, ишахәҭоу ала аԥшәма иҭааз, зегьы ҳазцу асас амаха имҵеиҵоит. Убри анаҩсан зеиӷьаҟам аҽы жәла иахәҭақәоу нацҵаны "уаҿа иакуп" ҳәа ииҭоит. Уажәынахыс дара аҩыџьагьы (аимак зауз) абыки аныки ирыхшаз реиԥш абзиабара рыбжьалароуп, ишахәҭоугьы убасоуп, - иҳәоит ацәажәаҩы.
Убри инақәыршәаны, аԥшәма иашьа амаха ачанах ианҵаны, уас иҟарҵаз иаԥхьа аишәа инықәиргылоит.
Шьтәак ззушьша аӡә дузаауеит: аишәеи арыжәтәи ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәа
Шьҭа ари аус алацәажәара аҵыхәа ԥҵәоуп. Акрыфара-акрыжәра рнапы адыркуеит.
Ажәлар рыбзоурала ҩыџьа анеинраалаха агәынхара змази агәынхара зхылҿиаази ирыбжьаз агәаӷ ԥсуан, реибабара ԥкымызт.
Ажәытә ҵас амахамҵаҵара аус бааԥсқәа ԥнаҽуан, еиҿнакаауан. Агәынхара аус аҿы аинраалара цаԥхас иамаз аинраалаҩцәа рҟәыӷареи амахеи акәын.
(Астатиаҿы хархәара аҭан Артур Аншба еиқәиршәаз ашәҟәы "Иҭамбаӡо аӡыхь").