"Ажәлар рыбз хәшәуп": аԥсуаа аусеилыргара шымҩаԥыргоз

© Sputnik / Томас ТхайцукАлабашьа
Алабашьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазареи русеилыргареи рзы згәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ, аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ажәлар рыҩнуҵҟа наџьнатә аахыс ахьӡ-аԥша рыман ҟазарыла, ажәа сахьаркны, ажәаԥҟақәа нагәыларгыло, еихышәшәа ацәажәара зылшоз.

В.Г.Арӡынба Лыхнашҭа ажәлар рҿаԥхьа ицәажәара.20.06.1993ш. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара

Ажәаҳәаратә ҟазара иаԥышәарҭаны иҟан жәлар реизарақәеи аԥсуа ҵасла аусеилыргарақәеи. Уимоу, аԥсуа жәлар ажәаҳәаратә ҟазара иарҭоз аҳаҭыр, аҵак ду иарҿиеит уҳәар алшоит абас еиԥш иҟоу ажәаԥҟа шьахәқәа: "Ажәа зҿоу – ацуҭа итәуп", "Абыз зҿоу аҳәаццышә иҭахӡам", "Ажәа ҩынтә иуҳәар афҩы гоит", "Ажәлар рыбз хәшәуп".

Аԥсҭазаараҿы, ишаԥу еиԥш, абзиарагьы ыҟоуп, ацәгьарагьы. "Абзиа ахала аҽарҽеиуеит, ацәгьоуп ирҽеитәу" рҳәон ажәлар. Аԥсуаа ҳҟны ицәгьараны, ихьымӡӷы бааԥсны иԥхьаӡан: Аныхақәа ишакәым рызныҟәара, рыцәҳара, аиашьара, аҭаацәара иреиуоу аӡә ишьра, ахьымӡӷ дыргара, аԥсадгьыл аԥсахра, аӷьычра, уҳәа убас иҵегьы.

Ахьӡи ахьымӡӷи Аԥсуараҿы еснагь еивагылан, урҭ еихылҿиаауан. Аха "ажәлар рыбз хәшәуп" рҳәон, урҭ рыбз ахәшәра ахьааԥшуаз аимак-аиҿак аҿы акәын. Ажәлар рыбз ахәшәра еиқәнархон аиӷара зыбжьалаз.

Аҵарауаҩ Иура Аргәын иусумҭақәа руак аҿы иазгәеиҭон: "Ауаажәларратә ҵакы змаз аусқәа реилыргаразы ажәлар реизараҿы иалырхуан аӡбаҩцәа. Урҭ "аныха зфаз" ҳәа ирышьҭан, избанзар ажәлар рҿаԥхьеиԥш, аныхаҿ инеины ҭоуба руан, аусеилыргара аан аиаша ишадгылоз ала. Ӡбаҩцәас иалырхуан аԥышәа ду змаз, ацәажәашьа иақәшәоз, дипломатиала ахымҩаԥгашьа здыруаз ихатәраз ахацәа. Знык иалырхыз ауаа ражәра рыхьӡаны аҩны итәаанӡа ӡбаҩцәас иҟазар алшон".

Алабашьа. - Sputnik Аҧсны
Ахшыҩеилаҵара, аҳаҭырқәҵара, аиашара: аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара аҷыдарақәа

Аусеилыргаразы хазы хыбра ҳәа акагьы алхны иҟамызт. Амш анбзиаз, аизарақәа ахьымҩаԥыргоз ҵлак ашәшьыраҿы еизон.

Ацәгьа, ацәгьоурақәа еиԥшымызт, еиԥшымызт урҭ рахьырхәшьагьы. Ауаҩы гәаӷшақә дызшьыз иҭахаз иашьцәа ишьа руан. Ажәлар рҿы уи закәанын, иақәыӡбомызт. Ус акәымкәа, машәырла ауаҩы диамхашьыр, ауаа ҟәышқәа рыбжьаҟазаны еиндыршәон.

Иҟалон убри аҩыза ахҭысгьы ауаҩы машәырла дызшьыз иҭаацәа аалаганы иршьыз ихәыҷы дымҵарсны дганы драаӡон. Данарԥысхалак, ачара изуны ауаа ицҵаны иабраа дганы дрырҭон, ауаҩшьра зыбжьалаз еиуацәахон. Ауаҩшьра зыбжьалаз реиныршәараҿы иҟан даҽа формакгьы – ашьаԥса ашәара: хыԥхьаӡара рацәала арахәҭиаа рырҭон, уи ала иагьеинышәон.

Аԥсуара азышәаҳәаҩ, ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг ишәҟәы "Аԥсуара ашьаҭақәа" аҿы далацәажәоит абас иҟаз ажәытә ҵас: "Машәырла ауаҩы дҭахеит. Амашәыр шыҟалаз еилкааны аҭыԥ иқәырҵеит: амашәыр зымшала иҟалаз, иахьыҟалаз рганахьала азин рыҭаны аԥсрахьы иаарышьҭуан. Аха уигьы азмырхакәа, амашәыр зымпыҵаҟалаз аԥсы даниџьабоз ыҟан. Иара аԥсра иақәшәаз рыҩнаҭа днеины ишьапы хтны шықәсык рымаҵ иуан, дџьабон. Шықәсык ашьҭахь аԥсаҭатә иманы, ауаа хатәрақәа шьҭыхны, аҳәса хазы ачыс ҟаҵаны аԥсхәраҟны инеиуан. Убри ашьҭахь иџьабара ааникылон. Уи инаркны урҭ аиуацәа-еигәыцхәцәа реиԥш, еибабон-еибаҳауан, рыцәгьеи рыбзиеи рҿы еилахәын".

Дуаҩуп, даамысҭашәоуп: аԥсуара азҵаарақәак ирызкны - Sputnik Аҧсны
"Дуаҩуп, даамысҭашәоуп": аԥсуара азҵаарақәак ирызкны

Аԥсуараҿы зегь реиҳа иԥхашьароуп амаҳагьара. Амаҳагьа зыжәлантә, ма уарала изааигәоу ахьымӡӷ зиргаз аиашьареи ақыҭеи дрылырцон. Ақыҭан иуацәа-иҭынхацәа, дыздыруаз мап ицәыркуан, иацәажәомызт. Ажәытәан зыжәла иалырцаз данԥслакгьы, уаҩҵас дыржуамызт, дырџьабомызт уаҩы иахьиҿахырсҭамыз абнаҿы дыржуан, ирласынгьы дырхадыршҭуан.

Абасала, шәҟәы-быӷьшәы ианымыз рхатәы кодекс рыман аԥсуаа. Уи ашәҟәы иану аҵкыс амч аман, ламыслагьы имҩаԥыргон ахьы быргцәа рҳәатәхаҵарала.

Ауаажәларратә ҵакы змоу атрадициатә ҵасқәеи ақьабзқәеи иахьагьы заманала иубарҭоуп ауаа рацәа иахьреизарҭоу ацәгьеи абзиеи рымҩаԥгараҿы. Иаагозар, аԥсра ахьыҟалаз аԥсыжраҽны ауаа рацәа еизоит, агәылацәа, ауацәа, аҭынхацәа, урҭ рнаҩсангьы еизоит зыдунеи зыԥсахыз иҩызцәа-иқәлацәа, иус ицызуаз уҳәа. Аԥсы ихцәажәаны, иԥсы анҭаз абзиара иҟаиҵаз ҳәаны аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит. Идырцәажәо – иқыҭантәик иԥсыз ибзианы дыздыруа, ажәагьы зҿоу ахаҵа бырг иоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0