"Аԥылса", "ашԥылса", "аԥылгыды": акәац жьыхәҭақәеи урҭ рыхьӡқәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара
Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа еишәа иагәыцәу акәаци ажьыхәҭақәа рыхьӡқәеи дырзааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Аԥсуаа ртрадициатә сасдкылара ухаҿы иузаагом аишәа гәылзырҭаауа акәац ада. Акәац азы наџьнатә аахыс иршьуан аԥсаса, ашьамаҟа. Асас бзиа, "асас дахь" данырҭаалак, хьымӡӷын ихьӡала зыԥсы ҭоу акы ахәда рызԥымҟар. Ԥшь-шьапык зҵоу ашьтәа, уацәыԥхамшьартә асас имҵоуҵаша ажьыхәҭақәа жәпакы алҵуеит. Урҭ рахьтә зегь реиҳа ихатәроуп: ажәҩашәаҟьа, аԥылгыды уҳәа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

 

Акәац аишәа архиараҿы еиҳараӡак ижәноуп рхы ишадырхәоз, убри аҟнытә жьыхәҭалагьы ашара акыр аҵанакуан. Ааигәанӡа ажәлар рацәа ахьеизоз, акрыфараҿы жьыхәҭала рхәы ршон, убри ауп изхылҿиаз: "Лахьы уахәаԥшны, акәац ша!" ҳәа ирҳәо ажәаԥҟагьы.

Агәырӷьарақәа, абзиарақәа раан зыхәда хырҵәо ацә наӡааӡа иалҵуа акәац ажьыхәҭақәа акакала, хәҭаа-хәҭаала ахьӡқәа рымоуп. Урҭ еихушар ауеит иалкаан асас имҵарҵоз ажьыхәҭақәеи "исас хәызи" аишәа иадрымгалоз "исас хәымызи" ҳәа.

Асас жьыхәҭақәа

  • Ахы – жьыхәҭас иузыԥхьаӡом, аха ачара еишәаҿы акыр пату ақәуп, уи изыԥҵәоуп зегь реиҳа аныҳәаҿақәа аанызкылаз.
  • Ажәҩашәаҟьа – (лопатка) ҳаҭыр зқәу жьыхәҭоуп, иара еиҳараӡак аиҳабацәеи асас дахьцәеи ирзыԥҵәоуп. Ажәҩашәаҟьа шжьыхәҭа хатәроу арҵабыргуеит аԥсуаа ҳмифтә ҳәамҭа "Ашәарыцаҩ Ажәеиԥшьаа иҟны". Аҳәамҭа ишаҳәо ала, ашәарыцаҩцәеи ашәарахи рынцәахәы Ажәеиԥшьаа иҭыԥ аҟны шәарыцаҩк днанагеит. Уи иара блеиҵыхла дидикылеит, акриҿеиҵеит, пату иқәиҵеит. Сасхәыс жәҩашәаҟьак ааганы имҵеиҵеит.
  • Аԥылса – (толстый край) ажәҩашәаҟьа иамадоу жьыхәҭоуп. Изымҵоуҵалакгьы уарԥхашьом.
  • Аԥылгыды – (середина бедра) иарбан шьтәазаалакгьы иамоу ажьыхәҭақәа зегьы ираԥнагоит. Уиоуп изырҳәо: "Сасра дахьнеиз аԥылгыды имҵарҵеит…" ҳәа.
  • Ашԥылса – (челышко) жьыхәҭас изымҵоуҵо дазусҭазаалакгьы ҳаҭыр ақәҵаны идикылоит. Изуҭазгьы "Ҳаи, рацәа дкәацшаҩуп" ҳәа узиҳәоит.
  • Аԥыжәҩа – (оковалок) абаҩ маҷны иалоуп, ажьашәа рацәоуп.
  • Ажәҩалса – (середина лопатки) иҟәнушьаша жьыхәҭам.
  • Арсыкь – (толстый филей) агәчама иазааигәоу жьыхәҭоуп, жьашәуп, ажьҵаазы зеиԥшыҟам ауп, иахьурхалакгьы уарԥхашьом.
  • Аҟәылса – (тонкий край) зеиԥшыҟам жьыхәҭоуп, асас дахь иҟны узмырԥхашьашоуп.
  • Авахышра – (покромка) ари ажьыхәҭа ашша агны иҟамлац. Ашьтәа иагьа иагзаргьы, изларҳәо ала, уи ахәҭа аԥсылара агхаӡом.
  • Агәышԥылса – (грудное) ажәақәа рхаҭа иуарҳәоит изакәу, "агәышԥы" + "алса" (иалкаау, иреиӷьу) узцәыԥхашьаша жьыхәҭам.
  • Арсақь – агәчама иазааигәоу жьыхәҭоуп, жьашәуп, ажьҵаазы зеиԥшыҟам ауп, иахьурхалакгьы уарԥхашьом.
  • Ажьыркәац – (тонкий филей) ашьтәа авара, аваҵҟьарақәа (авакьыцқәа) ирықәу кәацуп, еихырссаны ажьҟәаҟәа алырхуеит.
  • Аӡыршәра – ажьыхәҭа ҟаимаҭқәа ирышьашәалоуп – сасхәуп.
  • Ауаҭәа – изымҵауҵо иҟәнишьаратәы ихьысҳәау жьыхәҭам (кәацым).
  • Аԥырса – (кострец) – ашьҭахьтә шьапқәа хызҩо ажьҟьаԥсра иахьӡуп. Ашьтәа анеиҿырхуа ажьыхәҭа бзиақәа иреиуоуп.
  • Ашьахәар – (рулька) жьыхәҭас иузыԥхьаӡом, аха чанахла иршо акәац ирылоуҵар уарԥхашьом.

"Исас хәымыз" ажьыхәҭақәа

  • Ахахәда – (шейная часть) жьыхәҭас иалоу рацәак ыҟам. Ауаҩы имҵауҵар, ихы хьымӡӷишьоит, иалшоит "сатәеимбеит" ҳәа акәацшаҩы дизгәааргьы.
  • Аԥымаҵә – (голяшка) аҵкьыс еицәоу жьыхәҭа ыҟаӡам, асас имҵарҵомызт. Абаҩ иақәу акәац зегьы жьыҵәруп, дашла еибаркуп.
  • Аҟатара – (подпашек) жьыхәҭас иԥхьаӡаны узцәыԥхашьо имҵоуҵартә иҟам.
  • Ашҵа – (завиток) амгәацәа кәац асасцәа рымҵаҵара уиаҟара иҳаҭырым. Иара ус ҭаацәашәала рхы иадырхәоит.
  • Аҵацха – (нижняя часть живота, пах) – акәацрахь иузмырхо ҟатароуп. Иагьа иҭырттаны иужәыргьы, аҟаҟара уадаҩуп, шша-хәыҷыкгьы амаӡам. Ҭаацәашәала рхы иадмырхәозар, ижьыхәҭоуп ҳәа ауаҩы имҵоуҵо иҟаӡам. Аха иҟоуп бзиа ибаны изфо ауаа.

Иахьагьы акәац жьыхәҭалоуп ишеиҿырхуа, амала ажәытәан ишыҟарҵоз еиԥш ирылагалан досу иқәра, ихаҭара иақәыршәаны акәац шырзыршоз акәымкәа асаанқәа ирынҵаны аишәаҿы иқәдыргылоит. Бжьаратәла саанк ианырҵоит фҩык рхәы. Ижәу акәац анырфо апырпыл џьыка, аџьыкхыш, ма асыӡбал иахьыршьуеит.

Астатиа аиқәыршәараҿы ахархәара аман ашәҟәыҩҩы-ажурналист Шьаликәа Камкьиа ишәҟәы "Ажәақәа рдунеи".

Ажәабжьқәа зегьы
0