АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Тҟәарчал араион аҿы акарантин аҿҳәара иацҵазарц абжьгара ҟаҳҵоит аепедемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз азы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәылиаԥҳа.
"Амчыбжь аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа еицәахеит, 120-ҩык ачымазара рыдбалан. Ачарақәеи аиныхрақәеи мҩаԥыргоит, иақәнагоу аԥҟарақәа ирықәныҟәом, аҭакԥхықәра иаҵагылом. Шьыжьнаҵы 59-ҩык ПЦР - тестқәа арҭахьеит", - лҳәеит Гаргәылиаԥҳа.
Гаргәылиаԥҳа ишылҳәо ала, акарантин ацҵара азы аӡбра аднакылоит аоперштаб.
Ииасыз амчыбжь азы ԥышьҩык Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ишьҭын, иҟоуп иаалырҟьаны зҭагылазаашьа бааԥсхо ҳәа лҳәеит аҳақьым хада.
"Ахәшәтәырҭа астационар 15-иара роуп иакуа. Ҳара 18 ҳаргылахьеит. Ихьанҭоу ачымазцәа агоспиталь ма аҿкчымазаратә хәшәтәырҭахь иҳашьҭуеит. Уажәы 42-ҩык адәнытә стационар аҿы аҽыхәышәтәра иахысуеит", - ҳәа лҳәеит лара.
Араионтә хәшәтәырҭа ахәшәқәа, аныхратә материалқәа рыла еиҿкаауп. Аусзуҩцәа макьаназы еизхоит, егьырҭ аҟәшақәа рҟынтәи амедусзуҩцәа адҳаԥхьалеит ҳәа лҳәеит Гаргәылиаԥҳа.
Тҟәарчал араион аҿы иахьазы алаҵа ҟарҵахьеит 586-ҩык, 501-ҩык "Спутник V" ала. Алаҵа ҟазҵо рхыԥхьаӡара маҷхеит ҳәа лҳәеит аҳақьым хада.