https://sputnik-abkhazia.info/20211220/tarchal-araion-akarantin-aara-iatsyroit--1036840691.html
Тҟәарчал араион акарантин аҿҳәара иацырҵоит
Тҟәарчал араион акарантин аҿҳәара иацырҵоит
Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал араион аҿы аепедемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы акарантин рылаҳәан ԥхынҷкәын 13 инаркны 20-нӡа. 20.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-20T16:25+0300
2021-12-20T16:25+0300
2021-12-20T16:31+0300
аԥсны
ауаажәларра
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/08/1036238508_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_8316c02b6a2a261bb03bee0e720caa63.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Тҟәарчал араион аҿы акарантин аҿҳәара иацҵазарц абжьгара ҟаҳҵоит аепедемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз азы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәылиаԥҳа."Амчыбжь аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа еицәахеит, 120-ҩык ачымазара рыдбалан. Ачарақәеи аиныхрақәеи мҩаԥыргоит, иақәнагоу аԥҟарақәа ирықәныҟәом, аҭакԥхықәра иаҵагылом. Шьыжьнаҵы 59-ҩык ПЦР - тестқәа арҭахьеит", - лҳәеит Гаргәылиаԥҳа.Гаргәылиаԥҳа ишылҳәо ала, акарантин ацҵара азы аӡбра аднакылоит аоперштаб.Ииасыз амчыбжь азы ԥышьҩык Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ишьҭын, иҟоуп иаалырҟьаны зҭагылазаашьа бааԥсхо ҳәа лҳәеит аҳақьым хада."Ахәшәтәырҭа астационар 15-иара роуп иакуа. Ҳара 18 ҳаргылахьеит. Ихьанҭоу ачымазцәа агоспиталь ма аҿкчымазаратә хәшәтәырҭахь иҳашьҭуеит. Уажәы 42-ҩык адәнытә стационар аҿы аҽыхәышәтәра иахысуеит", - ҳәа лҳәеит лара.Араионтә хәшәтәырҭа ахәшәқәа, аныхратә материалқәа рыла еиҿкаауп. Аусзуҩцәа макьаназы еизхоит, егьырҭ аҟәшақәа рҟынтәи амедусзуҩцәа адҳаԥхьалеит ҳәа лҳәеит Гаргәылиаԥҳа.Тҟәарчал араион аҿы иахьазы алаҵа ҟарҵахьеит 586-ҩык, 501-ҩык "Спутник V" ала. Алаҵа ҟазҵо рхыԥхьаӡара маҷхеит ҳәа лҳәеит аҳақьым хада.
https://sputnik-abkhazia.info/20211215/tarchal-araion-any-akarantin-rylaoup-1036725982.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211215/raionk-asazaaraynt-goguaa-tarchal-covid-aysra-iazkny---1036733369.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/08/1036238508_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_692d2789bfbf5190bd6dce5943aa8c43.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Тҟәарчал араион акарантин аҿҳәара иацырҵоит
16:25 20.12.2021 (ирҿыцуп: 16:31 20.12.2021) Тҟәарчал араион аҿы аепедемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы акарантин рылаҳәан ԥхынҷкәын 13 инаркны 20-нӡа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Тҟәарчал араион аҿы акарантин аҿҳәара иацҵазарц абжьгара ҟаҳҵоит аепедемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз азы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәылиаԥҳа.
"Амчыбжь аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа еицәахеит, 120-ҩык ачымазара рыдбалан. Ачарақәеи аиныхрақәеи мҩаԥыргоит, иақәнагоу аԥҟарақәа ирықәныҟәом, аҭакԥхықәра иаҵагылом. Шьыжьнаҵы 59-ҩык ПЦР - тестқәа арҭахьеит", - лҳәеит Гаргәылиаԥҳа.
Гаргәылиаԥҳа ишылҳәо ала, акарантин ацҵара азы аӡбра аднакылоит аоперштаб.
Ииасыз амчыбжь азы ԥышьҩык Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ишьҭын, иҟоуп иаалырҟьаны зҭагылазаашьа бааԥсхо ҳәа лҳәеит аҳақьым хада.
"Ахәшәтәырҭа астационар 15-иара роуп иакуа. Ҳара 18 ҳаргылахьеит. Ихьанҭоу ачымазцәа агоспиталь ма аҿкчымазаратә хәшәтәырҭахь иҳашьҭуеит. Уажәы 42-ҩык адәнытә стационар аҿы аҽыхәышәтәра иахысуеит", - ҳәа лҳәеит лара.
Араионтә хәшәтәырҭа ахәшәқәа, аныхратә материалқәа рыла еиҿкаауп. Аусзуҩцәа макьаназы еизхоит, егьырҭ аҟәшақәа рҟынтәи амедусзуҩцәа адҳаԥхьалеит ҳәа лҳәеит Гаргәылиаԥҳа.
Тҟәарчал араион аҿы иахьазы алаҵа ҟарҵахьеит 586-ҩык, 501-ҩык "Спутник V" ала. Алаҵа ҟазҵо рхыԥхьаӡара маҷхеит ҳәа лҳәеит аҳақьым хада.