Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысуеит аоппозициатә мчрақәа рмитинг

Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысуеит аоппозициатә мчрақәа рмитинг.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аоппозициатә мчрақәа рмитинг Аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысуеит.
Аҿагыларатә акциа алахәылацәа атәыла иахьатәи анагӡаратә мчрақәа русура ргәаԥхом, аенергетика, аекономика уҳәа егьырҭ аусхкқәа рҿы.
Аҩаша шьыжьаахыс аиҳабыратә хыбрақәа рыкәша-мыкәша аихатә гәарақәа рыла ихкаауп.
1 / 2

аиҳабыратә хыбрақәа рыкәша-мыкәша аихатә гәарақәа рыла ихкаауп.

2 / 2

аиҳабыратә хыбрақәа рыкәша-мыкәша аихатә гәарақәа рыла ихкаауп.

Иацы Аслан Бжьанияа атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит амитинг алахәра рҽацәхьаркырц азы.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа аоппозициатә мчрақәа рмитинг аламҭалаз Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
Бжьаниа иазгәеиҭоит атәыла анапхгара аауадаҩрақәа шыҟоу мап шацәырымкуа, аха уи иахҟьаны атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа арблаҟьара ииашам.
Аԥсны АА рминистр Вальтер Быҭәбеи Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Роберт Киути ааԥхьарақәа ҟарҵеит амитинг алахәхара мап ацәыркырц. Ирҳәеит азинхьчаратә усбарҭақәа азакәан иаҿагыло аусқәа зегьы шаԥдырҟәҟәаауа.