https://sputnik-abkhazia.info/20211220/aslan-bzhania-aoppozitsiat-mchraa-rmiting-alamalaz-asny-atylauaa-rakh-aakhara-aieit-1036846200.html
Аслан Бжьаниа аоппозициатә мчрақәа рмитинг аламҭалаз Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
Аслан Бжьаниа аоппозициатә мчрақәа рмитинг аламҭалаз Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
Sputnik Аҧсны
Аоппозициатә мчрақәа рмитинг азыԥхьагәаҭоуп Аҟәа, ԥхынҷкәын 21 рзы. 20.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-20T22:22+0300
2021-12-20T22:22+0300
2021-12-20T22:24+0300
аԥсны
ауаажәларра
ажәабжьқәа
аԥсны
аслан бжьаниа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/16/1036019766_323:616:2697:1951_1920x0_80_0_0_1c8d19ec37b7d598ce1646170183179b.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит амитинг аламҭалаз. Атәыла ахада ауааԥсыра ргәы рҽаниҵоит изакәаным ахымҩаԥгашьақәа мҩаԥырымгарц. Аҳәамҭа атекст ахада исаит аҿы икьыԥхьуп."Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ишыжәдыруа еиԥш, оппозициатә еиҿкаарақәак рхаҭарнакцәа, уаҵәы, Аҟәа ақалақь аҿы изакәантәым амитинг амҩаԥгара ргәы иҭоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи азакәанқәеи ҳауаажәлар, иара убас ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәа азин рнаҭоит иарбан зҵааразаалак азы иаартны ргәаанагара аҳәаразы, иара убас атәыла анапхгара рганахь ала ргәынамӡара аарԥшразгьы. Аха, ари зегьы азакәанԥҵара еиланамгозароуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡазароуп ", - аҳәоит ахада иааԥхьамҭа.Бжьаниа иазгәеиҭоит атәыла анапхгара аауадаҩрақәа шыҟоу мап шацәырымкуа, аха уи иахҟьаны атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа арблаҟьара ииашам."Ҳара иӡбам азҵаарақәа маҷымкәа ишыҟоу ҳдыруеит, аха ари иахырҟьаны аҳәынҭқарра аҵшәаара ҳақәшаҳаҭым. Убри аҟнытә изакәантәым, Аконституциа иаҿагылоу аҽазышәарақәа згәы иҭазкыз зегьы ргәырҽанаҳҵоит. Азинхьчаратә усбарҭақәа азакәан еилазгаз рықәнага иақәдыршәоит", - иҳәоит ахада.Бжьаниа иҳәоит иаарту, хра злоу аиҿцәажәара ҳадгылоит, еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы аиҿцәажәарақәа ҳрызхиоуп, аха урҭ азакәан ҟазшьа рымазароуп, атәыла ашәарҭара иҭанамыргылароуп ҳәа.Ахада иҳәоит ииасуа ашықәс апандемиа инадҳәаланы иуадаҩыз аамҭаны ишыҟаз, уи атәыла аԥсҭазаара ишаныԥшыз."Абиуџьеттә иреиҳау ахәҭак аҿкы аҿагыларазы, агәабзиарахьчара асистема ацхраарахьы идәықәҵоуп. Абри иахҟьаны, ҳәарада, егьырҭ аусхкқәа ирыгхеит – урҭ рзы иазԥхьагәаҭаз дара рҟынӡа изымнаӡеит", - иҳәеит иара.Аха ауадаҩрақәа шыҟазгьы, аиҳабыреи аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи русура иабзоураны иалыршахеит абиуџьет аизырҳара, рныхтәқәа раасҭа азгәеиҭеит ахада. Аԥсны аҿиаразы иҟарҵо ацхырааразы Бжьаниа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспореи.
https://sputnik-abkhazia.info/20211130/delba-2021-shysazy-asny-covid-ayrarazy-aara-inyrkhkhou-aty--ieit-1036536953.html
аԥсны
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/16/1036019766_617:529:2491:1934_1920x0_80_0_0_1b8c560c06ca76583d96a6576c603831.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аԥсны, аслан бжьаниа
ауаажәларра, ажәабжьқәа, аԥсны, аслан бжьаниа
Аслан Бжьаниа аоппозициатә мчрақәа рмитинг аламҭалаз Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
22:22 20.12.2021 (ирҿыцуп: 22:24 20.12.2021) Аоппозициатә мчрақәа рмитинг азыԥхьагәаҭоуп Аҟәа, ԥхынҷкәын 21 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит амитинг аламҭалаз. Атәыла ахада ауааԥсыра ргәы рҽаниҵоит изакәаным ахымҩаԥгашьақәа мҩаԥырымгарц. Аҳәамҭа атекст ахада
исаит аҿы икьыԥхьуп.
"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ишыжәдыруа еиԥш, оппозициатә еиҿкаарақәак рхаҭарнакцәа, уаҵәы, Аҟәа ақалақь аҿы изакәантәым амитинг амҩаԥгара ргәы иҭоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи азакәанқәеи ҳауаажәлар, иара убас ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәа азин рнаҭоит иарбан зҵааразаалак азы иаартны ргәаанагара аҳәаразы, иара убас атәыла анапхгара рганахь ала ргәынамӡара аарԥшразгьы. Аха, ари зегьы азакәанԥҵара еиланамгозароуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡазароуп ", - аҳәоит ахада иааԥхьамҭа.
Бжьаниа иазгәеиҭоит атәыла анапхгара аауадаҩрақәа шыҟоу мап шацәырымкуа, аха уи иахҟьаны атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа арблаҟьара ииашам.
"Ҳара иӡбам азҵаарақәа маҷымкәа ишыҟоу ҳдыруеит, аха ари иахырҟьаны аҳәынҭқарра аҵшәаара ҳақәшаҳаҭым. Убри аҟнытә изакәантәым, Аконституциа иаҿагылоу аҽазышәарақәа згәы иҭазкыз зегьы ргәырҽанаҳҵоит. Азинхьчаратә усбарҭақәа азакәан еилазгаз рықәнага иақәдыршәоит", - иҳәоит ахада.
Бжьаниа иҳәоит иаарту, хра злоу аиҿцәажәара ҳадгылоит, еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы аиҿцәажәарақәа ҳрызхиоуп, аха урҭ азакәан ҟазшьа рымазароуп, атәыла ашәарҭара иҭанамыргылароуп ҳәа.
"Убас шакәугьы, ҳәарада, ауадаҩрақәа жәпакы ӡбамкәаны иаанхоит. Иҧсыҽу аекономикаҿы, лассы-лассы аполитикатә кризис аҭыҧ ахьамоу иҭышәынтәалам аҳәынҭқарраҿы урҭ риааира мариам. Абас еиҧш иҟоу, ҭакҧхықәрада даҽа акциак амҩаԥгара, ҽеила иӷәӷәам ҳҳәынҭқарра ахырбгарахьы инанагоит, ҭоурыхла иаҳдыруеит-аргылара акыр аамҭа аҭахуп, ахырбгалара сааҭк ауп. Изныкымкәа ишыҟалахьоу еиҧш, ари аҭакҧхықәра ныҟәзымго политикцәақәак рхатә амбициақәа ирыхҟьоит.
Ахада иҳәоит ииасуа ашықәс апандемиа инадҳәаланы иуадаҩыз аамҭаны ишыҟаз, уи атәыла аԥсҭазаара ишаныԥшыз.
"Абиуџьеттә иреиҳау ахәҭак аҿкы аҿагыларазы, агәабзиарахьчара асистема ацхраарахьы идәықәҵоуп. Абри иахҟьаны, ҳәарада, егьырҭ аусхкқәа ирыгхеит – урҭ рзы иазԥхьагәаҭаз дара рҟынӡа изымнаӡеит", - иҳәеит иара.
Аха ауадаҩрақәа шыҟазгьы, аиҳабыреи аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи русура иабзоураны иалыршахеит абиуџьет аизырҳара, рныхтәқәа раасҭа азгәеиҭеит ахада. Аԥсны аҿиаразы иҟарҵо ацхырааразы Бжьаниа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспореи.