Аԥсны

Адекларациақәа ахьынӡаиашоу гәазҭо Аусбарҭа аусура иалагоит 2022 шықәсазы

Ачынуааи адепутатцәеи рхашәалазы адекларациақәа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит аҿы иарбазар акәын 2021 шықәса нанҳәамза анҵәамҭанӡа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра адекларациақәа ахьынӡаиашоу агәаҭаразы Аусбарҭа аусура иалагоит 2022 шықәсазы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аусбарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Ратха Матуаԥҳа.

Аминистрра аусзуҩцәа инҭкааны иҭырҵаалоит ачынуааи адепутатцәеи иаарышьҭуа ахашәалақәеи, аныхрақәеи, амазарақәеи, амазаратә ҟазшьа змоу ахыдҵақәеи рзы адекларациақәа ахьынӡаиашоу.

Ԥхынҷкәын 6 - 20 рзы Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аофициалтә саит аҿы имҩаԥысуан аусбарҭаҿы иҟоу аҭыԥқәа раанкыларазы аиндаҭлара. Аихшьаларала аиҿцәажәара ашьҭахь иалкаан 30 кандидат. Урҭ анаҩс ирылыркаауеит астажировка иахысраны иҟоу.
Астажировка ашьҭахь акандидатцәа адекларациақәа ахьынӡаиашоу гәарҭалоит.
"Азакәан инақәыршәаны ҳара иҳамоуп алшара адекларациа агәаҭараани ииашам аинформациа аарԥшраани Апрокуратура хадеи арҭ аилагарақәа реилкаара знапы иану аусбарҭақәеи рахь адырра аҟаҵара. Ҳара инҭкааны арҭ агәаҭарақәа ҳзымҩаԥгаӡом. Аминистрра аусзуҩцәа ргәаҭара нап аҳмыркыцт. Уи ҿыц иаԥҵахо аусбарҭа анапы ианҵахоит", - ҳәа лҳәеит Матуаԥҳа.
Аԥсны аҳәынҭусзуҩцәа ашәахтә усбарҭахь рхашәалақәеи, рмазареи рзы ашәҟәы аларҵеит
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан рыдыркылеит 2020 шықәса жәабран 6 азы. Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалазы адекларациақәа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит аҿы иарбазар акәын 2021 шықәса нанҳәамза анҵәамҭанӡа.
Ари аамҭала адекларациақәа аздырхиеит 1438-ҩык. Иахьа уажәраанӡагьы аусбарҭахь адекларациақәа нарышьҭуеит.
"Асаит аҿы адекларациақәа рыдкылара аанкылоуп, аха ақьаад ианҵаны иахьагьы иҳадаҳкылоит. Иахьазы ақьаад шьаҭа змоу адекларациақәа 150 ҳадаҳкылахьеит 31 еиҿкаара рҟынтәи. Абри аформала адкыларақәа аанкылам, аха урҭ асаит аҿы иҳазкьыԥхьуам", - ҳәа лҳәеит Ратха Матуаԥҳа.
Иқьаадҩыроу адекларациақәа амаҵзураҿы жәашықәса рыҩнуҵҟа иаанхоит ҳәа лҳәоит Матуаԥҳа.
Амазара аҵәахразы алшара аныҟоу: закәанки гәаанагараки