Амазара аҵәахразы алшара аныҟоу: закәанки гәаанагараки

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2021
Анапаҵаҩра
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан амчра аиуит ԥхынгәы 1 инаркны. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа лҽазылшәеит зхашәалақәа ашәҟәы иҭазгалараны иҟоу ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа реилкаара.

Ахыркәшарахь инеиуеит "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи" рзы ашәҟәқәа рхарҭәаара аҿҳәара. Азакәан инақәыршәаны ҳазҭо ашықәс нанҳәамза акынӡа, анапхгаратә ҭыԥқәа ныҟәызго ачынуаа аус ахьыруа акадрқәа рыҟәша ашҟа, ирымоу ирыхӡу аазырԥшуа адекларациа харҭәааны иаларҵароуп.

Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Аԥсны Ахашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан амчра аиуит

Иаҳҳәап, сара сдекларантызтгьы исԥыларыз уадаҩрақәас абри абланк ахарҭәааразы? Зегь раԥхьаӡа иргыланы, ԥсышәала еиқәыршәоу ақьаадқәа снапы иакаанӡа ихасырҭәаауамызт. Уи азы сусура самырхыр, аӡбарҭахьы ашшыԥхьыӡ аласҵон, сзинқәа ахьеилагоу азы. Апарламент асаит, аминистрцәа реилазаара уҳәа акырџьара сеимдеит, аха ҳәынҭқарратә бызшәала ицәажәо адекларациа ахарҭәааразы еидкыло ашәҟәқәа ҳәа акгьы сымбеит.

Аԥсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр Џьансыхә Нанба абри азҵаарзы ҭелла саниҿцәажәоз: "Шәара шәиашоуп", ҳәа ԥсышәала аҭак соуит. Абри зхысҳәаауа, аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан еилагоуп ҳәа исыԥхьаӡоит, атәылауаҩ ԥсышәала ахарҭәааразы алшара ахьимам.

Амазара аҵәахразы алшара аныҟоу: закәанки гәаанагараки

Адекларациақәа рхарҭәаара уадаҩрақәас иаҵоу рзы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа акадрқәа рыҟәша аусуҩцәа руаӡәы слацәажәон. Лара лажәақәа рыла, Аԥсны аиҳабыра ирылшар акәын, акадрқәа рыҟәшақәа русуҩцәа рзы аилыркаатә семинарқәа реиҿкаара. Ус иҟазҭгьы, абланкқәа рхарҭәаара аус еиҳа имариахон. Ус акәзаргьы, сзацәажәоз ишазгәалҭо ала, еиуеиԥшым аконсультациақәа рышьҭахь, лара илылшеит ииашаны ахарҭәаашьа аилкаара, уажәы-уажә азҵаарақәа лызцәырҵуазаргьы. (Иабеицәаҳӡари, зынӡа имарам урыс бызшәала иҩуп адекларациа атекст. Аԥышәа змам агха ихьыргьы ауеит). Уи иабзоураны, аус ахьылуа адекларантцәа ацхыраара рылҭоит ахарҭәаараҿы.

Амлашьреи азакәан адкылареи, ма ақәыӷәӷәара амҩала аҳәынҭқарра нархас иаиуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2020
Амлашьреи азакәан адкылареи, ма ақәыӷәӷәара амҩала аҳәынҭқарра нархас иаиуа

Аминистр Нанба игәаанагарала, "иара азакәан аҿы ҷыдала иарбам ари аус арккара знапы иану". Зыӡбахә ҳамоу азакәан адкыларазы ахаԥшьгаратә гәыԥ иалахәу Наира Амалыиа лажәақәа рыла "Апарламент иаднакыло азакәанқәа зегьы Аԥсны аминистрцәа реилазаарахьы инеиуеит. Убри аҟынтә, адеклорациақәа рхарҭәаара аус дырцыхцыхроуп аиҳабыра рхаҭа".

Ашәахтәқәа реизгаразы аминистр Нанба аҭел санизас зегь раԥхьаӡа сиазҵааит адекларациа иара ихаирҭәаахьоу ихаимырҭәаахьоу? "Ааи ихасырҭәааит, сара азиндырҩы изанааҭ ахьсымо азы, уадаҩра дук снамҭеит",- иҳәеит иара. Ус акәзаргьы, Џьансыхә Едуард-иԥа иажәақәа рыла, хаҭала аҭел изасны аконсультациақәа мҩаԥызго ачынуаа рацәаҩуп "иахьынӡасылшо зегьы срыцхраауеит" иҳәеит иара.

Уажәшьҭа, сазхәыцыр сҭахуп, иаҳҳәап адекларациа хасырҭәаауазҭгьы, исылшозма изакәанымкәа исырҳахьоу амазара аҵәахра? Ҳәарада исылшарын. Избаназар, зықәра наӡоу сыхшара, сара ныҟәгатәыс исымамзар, иаҳҳәап истудентцәамзар, смазара дара рыхьӡала ианызар, адекларациаҿы уи арбатәыс исымам. Иашьҭада, 25 шықәса зхыҵуа ауаҩы аҩны, ауада, зыхә ҳараку амашьына уҳәа рыхә арҳара шилымшо, уи иани иаби рҟынтәи шакәу иахьиоуа аилкаара.

Азакәан иамоу арҭ акылҳарақәа ауаажәларра рҿы акырынтә ацәажәара цәырнагеит, аха апарламент иаднакылаз азакәан аҿы аԥҟарақәа хыхь ишысҳәаз ауп ишыҟоу. Хымԥада, ари азакәан ҳаԥхьаҟа алагалақәа аиушт, абарҭ ицәырҵуа азҵаатәқәа раԥырҟәҟәааразы, убри аҟынтә, уажәазы изызхәыцтәу иахьа иҟоу азакәан ақәныҟәароуп.

Наира Амалыиаԥҳа ҳаиҿцәажәараҿы иазгәалҭеит, Аԥсны аиҳабыра адекларациақәа рхарҭәаара аус арццакра, анагӡара уамак иаахтны ишаламцәажәоз. "Аӡәы заҵәык ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Нанба иакәын аинформациатә хархәагақәа рҿы ицәырҵуаз",- лҳәеит лара. Амалыиа иара убас иазгәалҭеит, азиндырыҩцәа алархәны Аҟәа ахада Беслан Ешба аилацәажәара шымҩаԥигаз. "Егьырҭ ачынуаагьы убас иныҟәар акәын. Даара имаҷын аилыркаатә усура", - лҳәеит ахаԥшьгаратә гәыԥ алахәыла Амалыиа.

Иахьа адекларациа хасырҭәауазаҭгьы, ақьааадқәа шҭысҵааз ала, уадаҩрак соурымызт, избанзар, Аҟәа агәаны хәҩык ҳахьҭаҩу исымоу ԥшь-уадак змоу сынхараҭа ада, мазара сымам, иара убас, суалафахәы наваргыланы.

Адекларациа ахарҭәаара азҵаатәы ҭҵаауа исызцәырҵит ахшыҩҵак, иаҳҳәап, ачынуаҩ дычмазаҩызар, мамзаргьы ԥсшьара дыҟазар, ианаамҭаз изхамырҭәаар ишԥаҟало ҳәа. Абраҟагьы, сызҵаара аҭак ҟаиҵеит Џьансыхә Нанба "Азакәан аҿы акгьы арбам" ҳәа. Иара дақәшаҳаҭхеит, абыржәы COVID-19 аԥсҭазаара ианалагьежьуа, акыраамҭа ичмазаҩны ишьҭоу, ма атәыла анҭыҵ цатәыс измо ауаҩы изы аҿҳәара аҽахьыгӡара проблемахар шауа.

Ҟәардәк аӡәы иҵхны даҽаӡәы иҵаргылара, мамзаргьы 20-тәи ахәҭаҷи аиҭалхрақәеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2020
Ҟәардәк аӡәы иҵхны даҽаӡәы иҵаргылара, мамзаргьы 20-тәи ахәҭаҷи аиҭалхрақәеи

Иаҳҳәап, "ацәаҳәа ҟаԥшь" аҿы ишьҭоу ауаҩы адекларациа изхарҭәаауама? Адекларациа ахарҭәаара сеиҭазыгьежьуазар, са сеиԥш амазара рацәак змам изы ибаргәым, аха иаҳҳәап, ахԥатәи, аԥшьбатәи ахәҭақәа рҿы иану еиуеиԥшым аԥаратә счиотқәа, акциақәа, акоммерциатә усқәа рҿы ахәҭаа амазаара уҳәа реиԥш иҟоу рҿы ацхырааҩ дысҭаххон, агха ҟамҵакәа ишахәҭоу аинформациа ааныжьразы. Абланк ахԥатәи ахәҭаҿы иаҳԥыло аԥаратә считотқәа ирызку ахәҭаҷ адекларант хымԥада ихаирҭәаароуп, аха даҽа зҵаароуп, аҳәаанырцә мацара акәым ҳара ҳтәылаҿы иҟоу азакәан ала, абанкқәа ауаҩы изалоу аҵәахы азы аинформациа аӡәгьы ирҭаӡом.

Ицәырҵуа азҵаатәқәа рацәоуп, адекларациа ахарҭәаара аҿҳәара анынҵәалакгьы еилкаахоит, иҟоума иахьымӡаз ахарҭәаара, иҟоума змазара зӡаз, уҳәа зусура зцәыӡырц зылшо рыӡбахә аҟынӡа.

Сыҩтәы аус анадызулоз, иҟоуп аӡәы ҩыџьа сзацәажәаз адекларантцәа, аха, макьана ишхадмырҭәаац сарҳәеит, иҟоуп сызҵаара зынӡа изгәамԥхазгьы.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0