Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысыз амитинг аиҿкаареи аилаҩеиласрақәа рылахәреи рзы ашьаус хацыркуп

Аоппозициаа еиҿыркааз амитинг мҩаԥган Аҟәа, ԥхынҷкәын 21 азы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит Аҟәа имҩаԥысыз амитинг аиҿкаареи аилаҩеиласрақәа рылахәреи рзы, ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Аԥсны
Азинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа ахәшьара арҭоит
Ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 320 ахәҭа 1; ахәҭаҷ 206 ахәҭақәа 1, 2 инарықәыршәаны 2021 шықәса ԥхынҷкәын 21 аҽны амитинг аиҿкаареи, аилаҩеиласрақәа рылахәреи, амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала амч ахархәареи, аҳәынҭқарратә мазара ааха аҭареи рзы аоппозициатә мчрақәа рганахь ала".
Уажәтәи аамҭазы аусҭҵааратәии апроцессуалтәии ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит ацәгьоура иалахәыз ахаҿқәа рышьақәыргылареи иҟаҵаз аԥхасҭа ахәшьара аҟаҵареи рзы.