Аԥсны

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргахьеит 15 нызқь тонна амандарина

2021 шықәсазы Аԥсны иазԥхьагәанаҭоит 27 000 тонна амандарина Урыстәылаҟа аиагара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik. 2021 шықәсазы ацитрустә аамҭа ианалага инаркны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргахьеит 15 060 тонна амандарина. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы.
"2020 шықәсазы аҽаҩра бзиаӡан, аҳәаа иахыган 23 325 тонн амандарина, арҭ арбагақәа 8 265 рыла еиҳауп 2021 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа. 2019 шықәсазы Аԥсны иалыргеит 139 тонна амандарина", - рҳәеит ААЕ аҟны.
Уаанӡа арадио Sputnik аинтервиу аҭо ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иҳәахьан, 2021 шықәсазы 27 000 тонна амандарина Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аиагара шазԥхьагәарҭо. 2020 шықәсазы ареспубликантәи иалган 68 000 тонна амандарина. Аҵыхәтәантәи ажәашықәсазы ари арекордтә рбаган.
Аԥсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәҵахо амандарина ҩынтә еиҵахеит