Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәҵахо амандарина ҩынтә еиҵахеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы Аԥсны иазԥхьагәанаҭоит 27 000 тонна амандарина Урыстәылаҟа аиагара.
АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәҵахо амандарина ҩынтә еиҵахеит, ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа Аԥсны аиҳабыра реилатәараҿы абҵара 30 азы.
Иара иажәақәа рыла, ииасыз ашықәс абри аамҭазы Урыстәылаҟа ииаган 12 нызқьи 66 тонна амандарина, сынтәа - 5 нызқьи 692 тонна.
Хьециа аилак аплан шынанагӡо атәы далацәажәеит.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьониа Гал амандарина аҽаҩра зеиԥшроу атәы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2021
Арадио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьониа Гал амандарина аҽаҩра зеиԥшроу атәы
"Аҳазалхратә еилакы ашықәстә план миллиардки 976 миллион мааҭ азгәаҭан. Ааигәа уи аиҭакрақәа алаагалеит, аплан ишьақәнаргылеит 2 миллиардки 154 миллион мааҭ. Ииасыз ашықәс иаҿурԥшыр, усҟан миллиардки 630 миллион ыҟан, 2019 шықәсазы – миллиардки 647 миллион ыҟан", - иҳәеит иара.
Арҭ арбагақәа ареспубликахь аалыҵ аимпорт иадҳәалоуп. Аекспорт аҿы иҟоуп ауадаҩрақәа , ҳәа иҳәеит аминистр.
"Иҟамызт амҿлых, аԥсыӡаалыҵ, араса акәзаргьы иахьазы аҳәаа иахыргахьоу 2446 тонна роуп", - иҳәеит Хьециа.
Уаанӡа радио Sputnik аинтервиу аҭо ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иҳәеит, 2021 шықәсазы Аԥсны иазыԥхьагәанаҭоит 27 000 тонна амандарина Урыстәылаҟа аиагара ҳәа. 2020 шықәсазы ареспубликантәи иалган 68 000 тонна амандарина. Аҵыхәтәантәи ажәашықәсазы ари арекордтә рбаган.
Ажәабжьқәа зегьы
0