Аԥсны

Аоперштаб аӡынтәи ашколтә ԥсшьарамшқәа ирыцҵазарц абжьгара ҟанаҵеит

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аоперштаб аилатәара мҩаԥигеит ԥхынҷкәын 23 азы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Аоперштаб Абызшәатә политикеи аҵареи рзы аминистррахь абжьгара ҟанаҵеит аӡынтәи ашколтә ԥсшьарамшқәа мызкы, 2021 шықәса ԥхынҷкәын 25 инаркны 2022 шықәса ажьырныҳәа 21 аҟынӡа ирыцҵазарц, ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик илҳәеит ари аӡбамҭа зыдҳәалоу акоронавирустә инфекциа акәым, аԥсыԥ лага-ҩагаратә чымазарақәа роуп ҳәа.
Аԥсны
Белиаева Аҟәа аимҳәчымазара аҭагылазаашьа ахәшьара алҭеит
Асанитартә-епедимиологиатә маҵзура, иара убасгьы абжьгара ҟанаҵоит аныҳәамшқәа раан ахәыҷтәы центрқәеи акаҳуажәырҭақәеи рҿы ауснагӡатәқәа мҩаԥырымгаларц.
Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит аҳҭнықалақь аҿы ԥхынҷкәын 21 рзы аҭыԥ змаз ахҭыс ашьҭахь амедусзуҩцәа ачымазара алаҵәара ишацәшәо.
Аминистрра амедицинатә бригадақәа реиҿкаара мҩаԥнагоит, аковид центр аҿы иаҭаххар аиара-цҵақәа аартхоит.
Аԥсны
Аԥсны ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы алаҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа раамҭеихшара еилкаахеит