Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Белиаева Аҟәа аимҳәчымазара аҭагылазаашьа ахәшьара алҭеит

© Foto / Александр Кондратюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМедицинский работник делает укол
Медицинский работник делает укол - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2021
Анапаҵаҩра
Ареспубликаҿы аимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагеит абҵарамзазы. Сынтәа ахархәара арҭоит алаҵа "Грипполом", иара фымз зхыҵуа ахәыҷқәа инадыркны ирзыҟаҵахар ауеит. Алаҵаҟаҵара хьысҳаны имҩаԥысуеит, зынӡа 765-ҩык роуп иҟазҵахьоу.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Аҟәа аимҳәа зыхьуа рзы иҟоу аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа ахәшьара алҭеит Аҟәа асанитар ҳақьым хада Алла Белиаева.
Белиаиева лажәақәа рыла макьаназ аҳҭнықалақь аҿы ирацәаҩым ачымазара зыласхьоу, хҭысқәак агрипп А роуп ишьақәырӷәӷәоу.
"Аҭагылазаашьа традициала ихьанҭахоит ажьырныҳәа аҩбатәи ахәҭа инаркни жәабранмза актәи ахәҭази. Ари аамҭа аимҳәа авирус иаамҭоуп. Аимҳәа А хәба рҟынӡа ахкқәа ыҟоуп. Иарбан хку еилкаатәуп аекспресс-тестқәа рыла. Иара убас ауп аимҳәа ахкы В шыҟоугьы. Алабораториатә ҳасабала ишьақәдырӷәӷәахьоу ахҭысқәа маҷуп", - лҳәеит Белиаева.
Аепидемиологиатә шәхымс иахысыр, ашколқәа адыркыр алшоит, ма аԥсшьараамҭа иацҵахар ҟалоит ахәыҷқәа ачымазара еиҿырымбааларц ҳәа лҳәеит асанҳақьым.
"Ашколтә ԥсшьараамҭа иацҵахо иацҵамхо еилкаахоит аҭагылазаашьа аҭҵаарала. Ахәыҷтәы поликлиникақәа рахь адҵааларақәа шыҟало аабап. Иарбан школқәоу, шаҟаҩы ашколхәыҷқәа ахәшәтәырҭақәа ирыдҵаало еилкаахоит, ус иҟалар алшоит школқәак зынӡагьы ирылымсар. Уажәазы исызҳәом ишыҟало. Аепидемиологиатә шәхымс аҟынӡа макьана акыр бжьоуп ", - лҳәеит лара.
Аимҳәа ҳауала ишьҭукаауеит, убри азы ауаа рацәа злаху аусмҩаԥгатәқәа шәарҭахоит.

"Акоронавирустә ҿкы иахырҟьаны ауаа шықәсык инацны ҳрыҳәоит рхы рыхьчаларц, ауаа рацәа злаху ауснагӡатәқәа рыҽрыладмырхәларц. Аимҳәазгьы уи ауп иаҳҳәо аҿкы аимдашьа еиԥшуп", - лҳәоит аҳҭнықалақь асанитар ҳақьым хада.

Ааигәа акоронавирустә инфекциа зхызгаз аимҳәа ихьыр еиҳа ихьанҭаны ихигар акәхоит - ииммунтә система ахьыԥсыҽуи ацәеижь авирус аҿагылара ахьыцәгьоуи ирхырҟьаны.
"Акоронавирус змаз Актемра ма Артлегиа идикылозар, ауаҩы дшәарҭоуп. Аимҳәа идааԥкылоит", - лҳәеит Алла Белиаева.
Аимҳәеи акоронавируси атест аҭарада реилыргара уадаҩуп, убри азы ПЦР-анализ хымԥадатәиуп ҳәа лҳәеит лара.
"Аимҳәа алагашьа цәгьоуп, шамахамзар 38-39 градус ашоура халоит, ахыхьи аимҳәеи ацуп. Арҭ аҟазшьақәа зауз иаразнакы дышьҭалар еиӷьуп, ашоура 38 градус еиҳазар ашоура лазырҟәуа ахәшәқәа ыжәлатәуп, аҳақьым иахь идҵаалатәуп. Ҳара ҳҿы ауаа абасеиԥш иҟаны аусура ианныҟәо ыҟоуп", - лҳәеит лара.
Ҩ-ҿкчымазарак аамҭак ала рыҟазаара аҭагылазаашьа дыруадаҩуеит ҳәа лҳәеит Белиаева.
"Атәылақәа жәпакы локдаун иазхәыцуеит. Аҭагылазаашьа еицәахар аоперштаб уи абжьнагар ҟалоит", - лҳәеит Алла Белиаева.
Ареспубликаҿы аимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагеит абҵарамзазы. Сынтәа ахархәара арҭоит алаҵа "Грипполом", иара фымз зхыҵуа инадыркны ирзыҟаҵахар ауеит. Алаҵаҟаҵара хьысҳаны имҩаԥысуеит, зынӡа 765-ҩык роуп иҟазҵахьоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0