Аԥсны

Аԥсны амилициа Аҟәа ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласразы аусԥшаарақәа хацнаркуеит

Аҟәа ԥхынҷкәын 21 рзы имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәа ԥхынҷкәын 21 рзы имҩаԥысыз ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласра афакт ала аоперативтә усԥшаарақәа мҩаԥнагоит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, ААР ахатә еилазаара аусзуҩцәа ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа ауаа рацәа злахәыз аҿагыларатә акциақәа раан изакәанмыз ахымҩаԥгашьа аазырԥшуаз, иара убас апсихотроптә маҭәашьарқәа раахәареи, рыҵәахреи, изакәанымкәа акциа алахәцәа рызшареи афакт иалаҟьашьу ахаҿқәа ишрышьҭоу.
Уи адагьы, ирышьҭоуп аҿагыларатә акциа алахәцәа рымшала ааха зауз атәылауаагьы.
Арҭ аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит аоппозициатә мчрақәа рыблок "Аԥсны Жәлар рпатриоттә еидгыла" еиҿкааны ззин рыҭамкәа аиҳабыратә хыбрақәа рааигәара имҩаԥыргаз амитинг, ауааԥсыра ааха рыҭареи, хыла-гәыла зегь аилаҵареи, амазара аԥхасҭатәреи зцыз ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласразы Аҟәа ақалақь апрокуратура ихацнаркыз ашьаус инақәыршәаны.
Аԥсны
Анаркотикқәа, абџьар, ақәылара, аиҿагыларақәа: Аԥсны амилициа аоперативтә ажәабжьқәа