Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анаркотикқәа, абџьар, ақәылара, аиҿагыларақәа: Аԥсны амилициа аоперативтә ажәабжьқәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Машины милиции Абхазии
Машины милиции Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа цәырнагеит иҳаҩсыз амчыбжь азы иаанкылаз азинеилагаҩцәа рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иакьыԥхьит аоперативтә ажәабжьқәа.
Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аусзуҩцәа Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭауаҩы изакәанымкәа имҩанигоз зшәагаа дуу анаркотикатә маҭәашьар имырхит.
Ромик Маркосиан зыԥсҟы икыз амашьына аанкылан Аҟәа. Аидараҭаҵарҭаҿы ирбеит амарихуана зҭаз апластмассатә ҭрақәа ҩба. Зеиԥшла амаҭәашьар 131,36 грамм иҟан. Маркосиан иганахьала ихацыркуп зшәагаа дуу анаркотикатә маҭәашьар изакәанымкәа аахәареи, аҵәахреи, амҩангареи афакт азы ашьаус.
Патрульные машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2021
Аԥсны
Аԥсны ААР анаркотикқәа рыҵәахреи рыҭиреи рзы ашьаусқәа хацнаркит
Аҟәа инхо Енвер Хәарцкьиа ахара идырҵоит анаркотикатә маҭәашьар аҭира хықәкыс имамкәа изакәанымкәа аахәареи, аҵәахреи, амҩангареи рзы. Иара Гагра араион Бзыԥтәи амилициа аҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит автоинспекциа ҭыԥ "Бзыԥ" аҿы.
Иавтомашьына "Мercedes-benz" арныҟәцаҩ итәарҭа аҵаҟа дара ирбеит ахаҵа аметадон зҭаз агәыр ҵәахны ишимаз.
Хәарцкьиа иганахьала ашьаус хацыркуп, аҩнтәи рбаандаҩра иқәҵан даанкылоуп.
Абри аҩызаҵәҟьа ацәгьоуразы ахара идырҵоит аҳҭнықалақь аҿы инхо 1995 шықәсазы ииз Ҭемыр Ломиа.
Зыԥсҟы икыз автомашьына аанкылан автоинспекциа агәаҭарҭа "Маҷара" аҿы. Амашьына ангәарҭоз ашаҳаҭцәа рыла ишабоз идырбалеит иагьимырхит аметадон зҭаз агәыр.

Ҭемыр Ломиа иганхьала ашьаус хацыркуп анаркотикатә маҭәашьар изакәанымкәа аахәареи, аҵәахреи, амҩангареи рзы. Иара атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы инапы аҵарыҩны доушьҭуп.
МВД РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2021
Аӷьычрақәеи анаркотикқәеи: Аԥсны ААР аоперативттә хҳәаа акьыԥхьит
Амцабџьари анаркотикатә маҭәашьари изакәанымкәа рыҵәахразы ахара идырҵоит Аҟәа инхо Рамин Газаев. Иара Аҟәатәи аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аҿы дааныркылеит, иныҟәицоз амашьынаҿы ирбеит амцабџьар акарабин Саига зкалибр 9 миллиметра иҟоу, иаразы 20 патрон, иара убас аметадон зҭаз агәыр.
Газаев иганахьала ашьаус хацыркуп, атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы инапы аҵарыҩны доушьҭуп.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟәатәи аусбарҭа аусзуҩцәа ԥхынҷкәын 9 рзы аҳҭнықалақь аҿы иҟалаз ацәгьоура бааԥс аадырԥшит.
Аҟәа инхо Едуард Џьынџьал ахара идырҵоит гәыԥҩык ауаа заанаҵ еибыҳәан еицымҩаԥыргаз аӡәы иԥсҭазаареи игәабзиареи рзы ишәарҭаз амч рхы иадырхәоит ҳәа ашәарҭара зцыз, ҽаӡәы имазара имхра хықәкыс измаз ақәылареи, гәыԥҩык ауаа заанаҵ еибыҳәан имҩаԥыргаз амцабџьари анаркотикатә маҭәашьари изакәанымкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгареи, иара убас анаркотикатә маҭәашьар изакәанымкәа аҵәахреи рзы.
Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, ԥхынҷкәын 9 асааҭ 01:30 рзеиԥш ҩыџьа абџьар зкыз, асабрадақәа зҿаз ауаа Аҩӡба имҩаҿы игылоу ахатәыҩны иҩналаны, аԥшәмацәа ршьуеит ҳәа иршәаны 150 нызқь мааҭи акриптовалиута арҳаразы аппаратқәа хԥеи рымхны, амашьына шкәакәа Honda Fit ала ибналеит. Аԥшәмацәа ироуз аԥхасҭа бжьаратәла 300 нызқь мааҭ иҟоуп.
Ари амашьына аоперативтә усзуҩцәа иааныркылеит Гәымсҭатәи амҩаҿы, уи аԥсҟы икын 1986 шықәса рзы ииз Џьынџьал Едуард Гиви-иԥа. Автомашьына аидараҭаҵарҭаҿы ирбеит иагьимырхит анаркотикатә маҭәашьар "марихуана".
Иара иҿы иқәшаҳаҭхеит ақәылара шыҟаиҵаз, ирӷьычызи ацәгьоура зларуз абџьари рымырхит. Ари ацәгьоура иалахәыз егьырҭ ахаҿқәа раанкыларазы аусмҩаԥгатәқәа ирыцҵоуп.
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2021
Аԥсны
Аҟәа даанкылоуп аԥареи амаининг-хархәагеи зӷьычыз ацәгьоуцәа руаӡәк
Иара убас адырра ҟарҵеит ААР аусзуҩцәа шрышьҭоу ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа ауаа рацәа злахәыз аҿагыларатә акциақәа раан изакәанмыз ахымҩаԥгашьа аазырԥшуаз, иара убас апсихотроптә маҭәашьарқәа раахәареи, рыҵәахреи, изакәанымкәа акциа алахәцәа рызшареи афакт иалаҟьашьу ахаҿқәа.
Уи адагьы, ирышьҭоуп аҿагыларатә акциа алахәцәа рымшала ааха зауз атәылауаагьы.
Прокуратура Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2021
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысыз амитинг аиҿкаареи аилаҩеиласрақәа рылахәреи рзы ашьаус хацыркуп
Ажәабжьқәа зегьы
0