АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" акциа "Аԥсҭазаара еицаҳахьчап" аҳәаақәа ирҭагӡаны 2021 шықәсазы еизнагеит 11 миллиони 224 нызқьмааҭ 57-ҩык ахәыҷқәа рыхәшәтәразы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, ачымазара 72 курс мҩаԥган, афонд административ-нхамҩатә ҭахразы еизган 2-миллионки 600 нызқьмааҭ. 2020 шықәсазы еизган 7 миллион мааҭ, ишәан ахәышәтәрақәа 50 курс.
Традициа ҳасабла ашықәс анҵәамҭаз "Ашана" имҩаԥнагоит акциа "Уҵаа Бабдуха". 11 шықәса рҟынӡа зхыҵуа афонд анапаҵаҟа иҟоу Ашықәс ҿыц азы рҭахрақәа рҩит. Изҭаху зегьы ирылшоит уи анагӡара.
Сынтәа рҭахрақәа наӡеит 60-ҩык. Урҭ Аҵаа Бабаду иҳәеит амаҭәаԥха, ашьаҵа, ахәмаргақәа рзааигарц. Ҵыԥх рҭахрақәа наӡеит 50-ҩык.
"Ҵыԥх ахәыҷқәа рҭахрақәа изныкымкәа иалаҳарҵәозҭгьы сынтәа еимакны урҭ нарыгӡон Аҵаа бабадуцәа", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Аҳамҭақәа афонд аусуҩцәа иршеит, иҟан зхала иаазгьы ҳәа лҳәеит лара.