Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ашанеи" "Инва-Цхыраареи" ДЦП змоу ахәыҷқәа рзы аинвалид-кәырҷыжьқәа аархәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Благотворительный фонд "Ашана" передает инвалидные коляски
Благотворительный фонд Ашана передает инвалидные коляски  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2021
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа аинвалид-кәырҷыжьқәа рыҭара мҩаԥысит апроект "Аԥсҭазаара аԥыларахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура –гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" ассоциациа "Инва-Цхыраареи" ДЦП змоу быжьҩык ахәыҷқәа рзы аинвалид-кәырҷыжьқәа аархәеит.
Афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, уаанӡа аилахәыра "Гуте Техник" Николь Хачатуриан, Сандра Инаԥшьԥҳа, Анита Харчылааԥҳа, Мариа Кесиан, Анастасиа Бадиаԥҳа, Амир Ҳалуашь, Левон Папазиан рзы ихаҭалатәу ахархәагақәа рзыршәеит, избанзар ииашамкәа иалху атехника агәабзиаратә ҭагылазаашьа еицәанатәыр алшоит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Благотворительный фонд "Ашана" передает инвалидные коляски
Благотворительный фонд Ашана передает инвалидные коляски  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2021
Благотворительный фонд "Ашана" передает инвалидные коляски
Атәарҭақәа шәарҭадоуп – амаҟақәа, ахкыдҵарҭақәа рымоуп.
Ари аҩыза акәырҷыжь лоуит жәаҩа шықәса зхыҵуа Анита Харчылааԥҳагьы. Лан Марҭа Харчылааԥҳа илҳәоит лара дышхәыҷ ҭынчым.
"Хәбаҟа шықәс алхыҵаанӡа лныҟәгара ҳалшон. Аха лара илызҳауеит. Аҳақьым иахь ацарагьы уадаҩуп. Шәкҟа метра лхала дахысыр лылшоит, аха нас дааԥсоит", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.
Аԥхьанатә арҭ ацхыраагӡақәа раахәаразы 340 000 мааҭ еизган, аха апандемиа аамҭааз рыхә иацлеит. Афонд уажәы урҭ ирыхнашәааит 771 000 мааҭ. Иазымхоз аԥара "Ашана" арезервтә фонд аҟынтә иган ҳәа лҳәеит Мактина Џьынџьалԥҳа.
Акция Благотворительный фреш в поддержку подопечных Ашана в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2021
Аԥсны
Афонд "Ашана" еревантәи ахәшәтәырҭаҿ аԥҟарақәа ҩба амҩаԥгаразы аԥареизгара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0