Аԥсны

Аслан Бжьаниа аоппозициа ахаҭарнакцәа идикылеит

Аиԥылараҿы ирылацәажәан ԥхынҷкәын 21 рзы аоппозициаа иқәдыргылаз азҵаарақәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Ԥхынҷкәын 29 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит "Аԥсны жәлар реидгыла" ахантәаҩы Адгәыр Арӡынбеи ауаажәларратә еиҿкаара "Ахьаца" анапхгаҩы Ахра Бжьаниеи. Абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аиԥылараҿы ирылацәажәан Апарламент ахь алхрақәа рыҿҳәара аиҭакра, Аиҳабыра рыԥхьатәара, Аконституциатә реформа. Арҭ азҵаарқәа рыӡбара дҵас иқәдыргылеит аоппозициа ахаҭарнакцәа ԥхынҷкәын 21 рзы.
Аслан Бжьаниа иҳәеит Апарламент ахь алхрақәа ишазгәаҭоу аиԥш, 2022 шықәса хәажәкыра 12 рзы имҩаԥысроуп ҳәа. Аиҳабыра рыԥхьатәара азҵаарагьы мап ацәикит.
Аконституциатә реформа аганахьала иҳәеит аконституциатә комиссиа аусура ишаҿу, уи алҵшәақәа Апарламент ишадгалахо.
Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа имҩаԥысит ззин ыҟамыз аоппозициатә мчрақәа рмитинг, аҿагыларатә акциахь ииасыз. Амитинг алахәылацәа арезолиуциа рыдыркылеит.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылацәа арезолиуциа рыдыркылеит