Урыстәыла аиҳабыра иааиуа ашықәс азы абылтәы ахә ацлара аанкылара аус аднаулеит

Ахәқәа раанкыларази абиржаҿ абылтәы аҭира ахышәаҵышәеи рмеханизм аиҭакрази анормативтә актқәа рырхиара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра аус рыднаулоит иааиуа ашықәс азы атәыла аҩнуҵҟатә џьармыкьаҿ абылтәы ахә ацлара аанкыларазы аԥҟарақәа ҳәа иҳәеит Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак, РБК аинтервиу аҭо.
"Ахәқәа анырра рырҭоит ахарџьқәеи акцизқәеи. Ари афактор аҭышәныртәаларазы аус рыдулоуп атәыла аиҳабыра рхада Михаил Мишустин адгылара зиҭаз амеханизм арҽеиразы ажәалагалақәа", - иҳәеит Новак, 2022 шықәсазы абылтәы ахә иацло иацымло ҳәа ирҭаз азҵаара аҭакс.
Урыстәыла абензин абиржатә хәыԥса 2020 шықәса анҵәамҭазтәи ахәԥсаҟынӡа илаҟәит
Иара иҳәеит 2021 шықәсазы аиндикативтә хәыԥса адемпфертә формула 1,8 нызқь мааҭ рыла иларҟәын, 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 азы иара абри аҟарала еиҭашьақәгылахоит ҳәа азԥхьагәаҭан.
"Ари аӡбамҭа ахәқәа ирнырит, убри азы аиҭашьақәыргылара мап ацәкызарц азгәаҭоуп. Иааиуа ашықәс азы аиндикативтә хәыԥса адемпфертә формула аиндексациа азухоит 3% рыла, убри аан аинфлиациа еиҵахоны. Абри ашьҭахь аиндикативтә ҩаӡара еиҵахоит", - иҳәеит иара.
Новак иара убасгьы иҳәеит ишацҵахо акомпенсациа аҩаӡара – 68% инаркны 83% рҟынӡа.

Уи адагьы, иацҵахоит абиржаҿы абылтәы аҭира анорматив 11% инаркны 12 процент рҟынӡа, адизельтә былтәы - 7,5% инаркны 8,5% рҟынӡа.

Адемпфертә механизм аԥҵан Урыстәыла аҩнуҵҟатә џьармыкьаҿы ахәқәа раанкыларазы. Амеханизм инақәыршәаны, абылтәи адизельтә былтәи рекспорттә хәыԥса аҩнуҵҟатә хәыԥса еиҳазар аҳәынҭқарра ари аивыгара аилахәырақәа ирзашәоит. Аҩнуҵҟатә хәыԥсақәа аекспорттәқәа иреиҳазар - анефҭыҵхыҩцәа рхашәала ахәҭа аҳәынҭқарра ианаҭоит.