Урыстәыла абензин абиржатә хәыԥса 2020 шықәса анҵәамҭазтәи ахәԥсаҟынӡа илаҟәит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПовышение цен на бензин
Повышение цен на бензин - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы абылтәы хкқәа зегьы изныкымкәа арекордтә рбагақәа рҟынӡа рыхә халахьан.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Аи-92, Аи-95 абензин амаркақәа Урыстәыла рыхә 2020 шықәса анҵәамҭазтәи ахәԥсаҟынӡа илаҟәит. Абри атәы шаҳаҭра азнауеит Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи абиржа адыррақәа.
Абензин абиржатә хәыԥсақәа иаалырҟьаны ахалара иалагеит 2020 шықәса анҵәамҭазы, 2021 шықәсазы абылтәы хкқәа зегьы изныкымкәа арекордтә ҟазшьа рыманы рыхә халахьан.Ҭагалан ахәԥсақәа маҷк ишьақәтәеит.
Ахәаахәҭратә еихшьаалақәа рыла абензин Аи-92 1,36% илаҟәны 47 896 мааҭ тоннак иаԥсахеит, Аи-95 — 0,79% илаҟәны 49 038 мааҭ иаԥсахеит. Иацтәи ахәԥсақәа 47 908; 49 524 мааҭ иҟан.
Адизельтә былтәы акәзаргьы ахаша ахә лаҟәит. Аӡынтәи 0,37% иагханы 60 731 мааҭ тоннак иаԥсахеит, асезонбжьаратә 50 489 мааҭ иаԥсахеит( 1,43%), аԥхынтәи — 49 390 мааҭ (0,94%).
Ахьшьтәы (мазут) 0,82% агханы 23 093 мааҭ тоннак аԥсахеит.
Ахашатәи ахәаахәҭрақәа рдыррала ахә шьҭыҵит аҳаиркеросин, тоннах азы иаԥсахеит - 58 374 мааҭ, еизҳаит – 0,29%.
Ажәабжьқәа зегьы
0