Аҟәа ақалакь ахада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, иааидкылан ашықәс шымариамыз, апланқәа рынагӡараҿы аҳҭнықалақь ахадара изыхьӡаз шыҟоу еиԥш, изхьымӡазгьы шмаҷым.
"Ачымазара иуҭаху зегьы унарҟаҵаӡом, уи анаҩс аԥсабаратә цәырҵрақәагьы аԥхасҭа ӷәӷәа ҟарҵеит. Иҟаҳҵаз ҳәа уахәаԥшуазар, имаҷӡам. Амшын аԥшаҳәаҿы аусурақәа рацәаны иҟаҵан. Ҳгәы иҭан амшын ацәаҳәа зегьы аҿы аусурақәа рымҩаԥгара, аха уи залмыршахеит. Аԥхын аиаанӡа урҭ аусурақәа ирыцҵахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеи иара.
Автандил Сурманиӡе иара убасгьы далацәажәеит, аҳҭнықалақь аҿы амҩақәеи аӡымҩангагақәеи рҭагылазаашьа атәы, иҳәеит иааиуа ашықәс азы урҭ реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ишрыцҵахо.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.