https://sputnik-abkhazia.info/20211230/atylauai-aiabyrei-surmanie-ashys-aikhshaalaa-iryzkny--1036980248.html
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманиӡе ашықәс аихшьаалақәа ирызкны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманиӡе ашықәс аихшьаалақәа ирызкны
Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалакь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, иааизакны ари ашыкәс зеиԥшраз, аԥсҭазаара иқәнаргыло азҵаарақәа рыӡбараз... 30.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-30T18:19+0300
2021-12-30T18:19+0300
2021-12-30T18:19+0300
арадио
аԥсны
атәылауаҩи аиҳабыреи
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/1e/1036983206_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_fe38d77879ac3599841fb4f8ac32772d.jpg
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманиӡе ашықәс аихшьаалақәа ирызкны
Sputnik Аҧсны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманиӡе ашықәс аихшьаалақәа ирызкны
Аҟәа ақалакь ахада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, иааидкылан ашықәс шымариамыз, апланқәа рынагӡараҿы аҳҭнықалақь ахадара изыхьӡаз шыҟоу еиԥш, изхьымӡазгьы шмаҷым."Ачымазара иуҭаху зегьы унарҟаҵаӡом, уи анаҩс аԥсабаратә цәырҵрақәагьы аԥхасҭа ӷәӷәа ҟарҵеит. Иҟаҳҵаз ҳәа уахәаԥшуазар, имаҷӡам. Амшын аԥшаҳәаҿы аусурақәа рацәаны иҟаҵан. Ҳгәы иҭан амшын ацәаҳәа зегьы аҿы аусурақәа рымҩаԥгара, аха уи залмыршахеит. Аԥхын аиаанӡа урҭ аусурақәа ирыцҵахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеи иара.Автандил Сурманиӡе иара убасгьы далацәажәеит, аҳҭнықалақь аҿы амҩақәеи аӡымҩангагақәеи рҭагылазаашьа атәы, иҳәеит иааиуа ашықәс азы урҭ реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ишрыцҵахо.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/1e/1036983206_204:0:2935:2048_1920x0_80_0_0_6280438c575cd6f90c4c6aed2787163a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, атәылауаҩи аиҳабыреи, аподкаст, аудио
аԥсны, атәылауаҩи аиҳабыреи, аподкаст, аудио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сурманиӡе ашықәс аихшьаалақәа ирызкны
Аҟәа ақалакь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, иааизакны ари ашыкәс зеиԥшраз, аԥсҭазаара иқәнаргыло азҵаарақәа рыӡбараз иҟоу ауадаҩрақәеи аихьӡарақәеи ртәы.
Аҟәа ақалакь ахада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, иааидкылан ашықәс шымариамыз, апланқәа рынагӡараҿы аҳҭнықалақь ахадара изыхьӡаз шыҟоу еиԥш, изхьымӡазгьы шмаҷым.
"Ачымазара иуҭаху зегьы унарҟаҵаӡом, уи анаҩс аԥсабаратә цәырҵрақәагьы аԥхасҭа ӷәӷәа ҟарҵеит. Иҟаҳҵаз ҳәа уахәаԥшуазар, имаҷӡам. Амшын аԥшаҳәаҿы аусурақәа рацәаны иҟаҵан. Ҳгәы иҭан амшын ацәаҳәа зегьы аҿы аусурақәа рымҩаԥгара, аха уи залмыршахеит. Аԥхын аиаанӡа урҭ аусурақәа ирыцҵахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеи иара.
Автандил Сурманиӡе иара убасгьы далацәажәеит, аҳҭнықалақь аҿы амҩақәеи аӡымҩангагақәеи рҭагылазаашьа атәы, иҳәеит иааиуа ашықәс азы урҭ реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ишрыцҵахо.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.