Аԥсны

Ашықәс ҿыц аныҳәамшқәа рзы Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи 22 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа аҭааит

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи ӡынгьы-ԥхынгьы аԥсшьаҩцәа рацәаҩны изҭаауа аҭыԥқәа иреиуоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. 2022 шықәса раԥхьатәи жәамш ирылагӡаны Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 13 284-ҩык аԥсшьаҩцәа, Афонҿыцтәи аҳаԥы - 9 414-ҩык, абри атәы аҩуеит аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" Аԥсны атуризм азы аминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.
Аԥсны
Риҵатәи апарки Афон ҿыцтәи аҳаԥи Тҟәарчал араион 10-10 миллион мааҭ арҭеит
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа уи аԥхьа Sputnik иазеиҭеиҳәахьан, ажьырныҳәа 1 инаркны 3-нӡа аӡиа ишаҭааз хәнызқьҩык инарзынаԥшуа аԥсшьаҩцәа ҳәа. Иара иажәақәа рыла, ҵыԥхтәи ашықәс ари аамҭазгьы Риҵа иаҭааз рхыԥхьаӡара убри аҟара ыҟан.
Багаҭелиа иазгәеиҭеит, Риҵанӡа амашьынақәа халарц азын иҷыдоу аусбарҭақәа лассы-ласс амҩа асы шанырго, аԥслымӡ шкарԥсо, илаҟәу амашьынақәа аӡынтәи агьежьхарԥа зҵоу ԥықәсыларыда ихалар шрылшо.
Убри аан иара адырра ҟаиҵеит Ауадҳараҟа узго амҩа шарку асыԥса леир ахьалшо иахҟьаны.
Афонҿыцтәи аҳаԥы адиректор ихаҭыԥуаҩ Ахра Ԥачалиа ишеиҭеиҳәаз ала, ажьырныҳәа 1 инаркны 3-нӡа аҳаԥы иҭалеит 3 947-ҩык, 2021 шықәсазы раԥхьатәи хымш рыла аҳаԥы иҭалаз рхыԥхьаӡара 3 260-ҩык ыҟан.
Аԥсны
Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы 2021 шықәсазы апарк иарҳаз аҳасабырба ҟаиҵеит