Аԥсны

Аԥсны АҶА еиҭарҳәеит ареспубликатә мҩаду аҟны иҟоу аҭагылазаашьа

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа русура рӷәӷәоуп иҟалаз ахьшәашәарақәа ирыхҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспубликатә мҩаду хадаҿы ажьырныҳәа 16 аҵх иалагӡаны машәыр ҳәа акагьы ҟамлаӡеит. Аиқәырхаҩцәа ишәарҭоу аҭыԥқәа Мысра, Калдахәара, Аҩада Ешыра ахылаԥша арҭоит, ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Убри аан аусбарҭаҿ иазгәарҭеит, Аԥсны АҶА аусуҩцәа Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭеи Гәдоуҭа араион Лыхны акыҭеи иахьрыҵанакуа амҩадуқәа ирнаҳалаз аҵлақәа шықәыргаз. Аиқәырхаҩцәа рус аццакреи ишахәҭаз русуреи иабзоураны аамҭа кьаҿк ала амҩа рыцқьаны амашьынақәа ныҟәо иҟаҵан ҳәа азгәарҭеит апресс маҵзураҿы.
Аԥсны
Аԥсны АҶА аҟны ахәшьара арҭеит амш еицәахар атехника ҷыдеи аҟәшақәеи разыхиазаара
Асабша ажьырныҳәа 15 азы Аԥсны асы леит, аҳауагәаҭаҩцәа адырра ҟарҵеит ахьшәашәарақәа ирыхҟьаны амҩан аҵаахшәыла шыҟало. Аԥсны ААИ агәҽанызаара ҟарҵахьан амҩан амшәыр ҟамларц азын амашьына аныҟәцаҩцәа рныҟәашәа иагырханы, амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәарц.