Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АҶА аҟны ахәшьара арҭеит амш еицәахар атехника ҷыдеи аҟәшақәеи разыхиазаара

© Foto / МЧС Абхазии Машина МЧС Абхазии
Машина МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 – Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа русура рӷәӷәоуп асоура иахҟьаны, иара убас ихиоуп атехника ҷыдагь ауааԥсыра ацхыраара рыҭаразы, ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аҟны аусбарҭа апресс- маӡаныҟәгаҩ Роман Лабиа.
Гололед на дорогах - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2022
Аԥсны
"Аԥсныавтомҩа" аҟны ирҳәеит амҩақәа аҵаа аҟалара ишазырхиоу
"Ҳара адырра ҳамоуп амшцәгьақәа шыҟало, уи аамҭазы ҳусура рӷәӷәоуп. Амҩа арыцқьара аума, амашьына аҭыгара аума, аӡәы дычмазҩхар уигьы амедусбарҭахь дгатәума, абарҭ зегьы ҳрызхиоуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Лабиа иажәақәа рыла, атәыла аиқәырхаҩцәа русбарҭа аусзуҩцәа амҩа аҭагылазаашьа гәарҭоит. Очамчыреи Гәдоуҭеи араионқәа амҩаду хада аҟны амашьынақәа рныҟәара аанкылахеит аҵлақәа рыхжәара иахҟьаны. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа амҩа ианаҳалаз аҵлақәа ԥҟаны амҩа дрыцқьеит.

"Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, ицәгьоу хҭыс ҳәа акагь ыҟаӡам, аха аусурақәа цоит. Акы заҵәык Очамчыреи Гәдоуҭеи араионқәа рыҟны ҩ-ҵлак каҳаит. Ауааԥсыра убри ахархарҭала ауп ишҳадҵаалаз, макьана иҭынчроуп", - ҳәа иҳәеит Лабиа.

Роман Лабиа ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаиҵеит, ихымԥадатәиу уск рымамкәан амҩа ианымларц. Ашьхарахь аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩуп, убри аҟнытә уахь ацара згәы иҭоу аамҭала рҽааныркыларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0