Аԥсны

Авольтҳарак цәаҳәа "Мысра" лассы ишьақәыргылахоит

Гәдоуҭа араион ахәҭак авольтҳарак цәаҳәа "Мысра" иаиуз ааха иахҟьаны ҩмшуп лашарада иҟоуижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Авольтҳарак цәаҳәа "Мысра" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшамҭахь инеиуеит, ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аенергетекцәа ҩымшуп аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирҿуижьҭеи авольтҳарак цәаҳәа "Мысра" аҟны. Афымца цәаҳәа ааха шаиуз еилкаахеит ажьырныҳәа 15 ашьыжь. Аиҭашьақәыргыларазы уахь инеиз аусуцәа иаразнак рнапынҵақәа ирылагеит, аусурақәа цонаҵы еилкаахеит даҽа цәаҳәакгьы ааха шамаз.
Амш иалагӡаны аусурақәа зхыркәшамхеит, убри аҟнытә Гәдоуҭа араион аԥкрақәа алагалан.