Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион аҟны афымцалашара аиураз аԥкрақәа алагалоуп

© Foto / facebook / РУП "Черноморэнерго"Место повреждение на ВЛ Мысра
Место повреждение на ВЛ Мысра - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2022
Анапаҵаҩра
Авольтҳаракы "Мысра" иҟалаз ааха иахҟьаны Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иҟоуп ажьырныҳәа 15 ашьыжь инаркны.
АҞӘА, ажьырныҳәа 15 – Sputnik. Авольтҳаракы "Мысра" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цонаҵы Гәдоуҭа араион аҟны афымцалашара аиураз аԥкрақәа алагалоуп, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Авольтҳаракы "Мысра" ааха шаиуз еилкаахеит ашьыжь ажьырныҳәа 15 азы. Аиҭашьақәыргыларазы уахь инеиз аусуцәа иаразнак рнапынҵақәа ирылагеит, аусурақәа цонаҵы еилкаахеит даҽа цәаҳәакгьы ааха шамаз.
Амш иалагӡаны аусурақәа зхыркәшамхеит. Убри аҟнытә иалагалоп аԥкрақәа:
17:40 -19:30, 01:25 - 03:00, 08:55 -10:30 - астанциа маҷқәа "Мҵара", "Дәрыԥшь" ирыҵанакуа,
19:25 - 21:00, 02:55 - 04:30, 10:25 - 12:00 - астанциа маҷ "Гәдоуҭа -110" ( афидер Бамбора, Кьараз, РПК),
20:55 - 22:30, 04:25 - 06:00, 11:55 - 13:30 - астанциа маҷ "Гәдоуҭа-110" (афидер КНС, ТП-11, Гагратәи амҩаду),
23.55 - 01.30, 07.25 - 09.00, 14.55 -16.00 - астанциа маҷ "Афон Ҿыц" (Т1, Т2).
Ажәабжьқәа зегьы
0