Аԥсны

Аԥсны акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит жәафнызқьҩык инареиҳаны

Аԥсны алаҵаҟаҵара хацыркын 2021 шықәса лаҵарамзазы. Алаҵа ззыҟаҵоу зегьы Урыстәыла ирыдыркыло QR-код рырҭоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Аԥсны акоронавирус аҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит 15 721-ҩык ҳәа аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра.
Ԥхынҷкәын 30 инаркны ажьырныҳәа 16 рҟынӡа акоронавирустә инфекциаҟынтәи "Спутник Лайт" 925-ҩык иҟарҵахьеит. Зынӡа апандемиа ҵысижьҭеи "Спутник Лайт" 6354-ҩык иҟарҵахьеит.
2021 шықәса абҵара 18 инаркны 2022 шықәса ажьырныҳәа 16 рҟынӡа "Спутник V" 2867-ҩык иҟарҵахьеит.
Арадио
Воуԥҳа еиҭалҳәеит аковид чмазараҟынтәи алаҵаҟаҵаразы Аҟәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы
"Спутник Лайт" 1500 доза ареспубликахь еиҭааган ԥхынҷкәын 29 рзы. Алаҵаҟаҵарақәа мҩаԥысуан аныҳәамшқәа раангьы.
Уаанӡа, абҵара 16 рзы Аԥсныҟа иаарышьҭхьан 6000 доза "Спутник V". Алаҵа аахәан ареспубликатә биуџьет аԥарақәа рыла.
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара 2022 шықәсазы апандемиа иаиааишьоу иҳәеит