Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Воуԥҳа еиҭалҳәеит аковид чмазараҟынтәи алаҵаҟаҵаразы Аҟәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы

Воуԥҳа еиҭалҳәеит аковид чмазара аҟынтәи алаҵаҟаҵаразы Аҟәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы
Анапаҵаҩра
Иахьазы аҳҭнықалақь аҟны алаҵа аҟаҵаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, аныҳәамшқәа раан алаҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа аус шыруа атәы еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа.
Воуԥҳа илҳәеит еиҳарак алаҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа ирыдҵаало аиҭалаҵа ҟазҵо роуп ҳәа.
"Амза ҩба инаркны аус шаҳуц иаҳуеит, убасгьы алаҵа ахьыҟарҵо аҭыԥқәа зегьы аус руеит. Астатистика ҳазлахәаԥшыз ала, алаҵа еиҳарак "Спутник Лайт" иазҵаауеит. Уаанӡа "Спутник V" ҟазҵахьаз уажәы ҩаԥхьа аиҭалаҵаҟаҵаразы иазҵаауеит "Спутник Лайт". Абарҭ амшқәа рзы 376-ҩык "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит, "Спутник V"аҩбатәи акомпонент 120-ҩык ауаа иҟарҵахьеит, актәи акомпонент 6-ҩык ауаа. Ирҭахӡам усҟак "Спутник V" аҟаҵара. Еиҳарак "Спутник Лайт" алаҵа аҟаҵара рҽадыркылоит. Иҟоуп иара "Спутник V" ҟамҵакәа аԥхьагьы"Спутник Лайт" ҟазҵаз, ҩаԥхьа аиҭалаҵаҟаҵаразы уи иадҵаало. Иҟоуп ирацәаҩны иадҵаало иарбан вакциноу иаҳа еиӷьу аиҭалаҵаҟаҵаразы ҳәа. Актәи авакцина"Спутник Лайт" ҟашәҵазар, шықәсыбжак ҵхьазар, иҟалоит уи ҟашәҵар, еиҳаны иҵхьазар, иаҳҳәап аамзы-жәымзы, хымԥада, "Спутник V" ҟаҵатәуп", - лҳәеит Воуԥҳа.
Лара иазгәалҭеит 2021-тәи иара убас ашықәс ҿыц ҳҭалеижьҭеи "Спутник Лайт" Аҟәа ақалақь аҟны ишыҟарҵахьоу 2 600-ҩык ауаа, алаҵа "Спутник V" шыҟарҵахьоу 5 250-ҩык ауаа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0