Аԥсны

Гәдоуҭа араион аҿы ҩ-сааҭк рыбжьара ҩ-сааҭк алашара аҿарклоит

Гәдоуҭа араион ахәҭак аҿы аамҭа-аамҭала алашара рырҭоит афымцацәаҳәа "Калдахәара" иахьыз аԥхасҭа иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. Гәдоуҭа араион аҿы афымцалашара рырҭалоит ҩ-сааҭк рыбжьара ҩ-сааҭк, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Афымцамчусзуҩцәа афымцацәаҳәа "Калдахәара" аҿы аԥхасҭа ахьыҟалаз рзымԥшаакәа инхеит, ишшалак ҩаԥхьа иашьҭалоит.
Астанциа маҷқәа "Гәдоуҭа-110", "Гәдоуҭа-а́хага", "Мысра-а́хага", "Мҵара", "Афон ҿыц", "Дәрыԥшь" аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәара асхема рзалагалоуп.