Аԥсны

Аекономика аминистрреи аинвестори Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәырылара иалацәажәеит

Аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылараз аинвестор дыԥшаауп, 120 миллион мааҭ азырхиоуп ҳәа иҳәахьан уаанӡа атәыла ахада. Бжьаниа иажәақәа рыла актәи ареисқәа азыԥхьагәаҭоуп 2024 шықәса ажьырныҳәамзазы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Аекономика аминистрраҿ имҩаԥган аусутә еилацәажәара Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы атехдҵа аиқәыршәаразы, ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Ари ихадаратәу документуп, урҭ рышьаҭала апроектҟаҵаҩцәа ахыбра аиҭашьақәыргыларазы аплан ҟарҵоит, уахь иаҵанакоит аҳаирвокзал ахыбра аиҿкаара, аҳаирбаӷәаза аҵакыра аиҭашьақәыргылара, адиспетчертә еибыҭара, аҳаирбаӷәаза ахыбреи аҵакыреи лашарала аиқәыршәара, иара убас аҳаирбаӷәаза иаҵанакуа ахыбрақәа рылшара аизырҳара аҭахуп, 20 шықәса рыҩнуҵҟа апассаџьыртә уаарацәара азыԥхьагәаҭаны.
Аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы атехусмҩаԥгатә атәыла ахада Аслан Бжьаниа идҵала аус адыруылоит.
Бжьаниа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура алагара аҿҳәарақәа дрылацәажәеит
Аилацәажәара иалахәын ахада Иусбарҭа аусзуҩцәеи, аиустициа аминистрреи, аинвестори апроекттә еиҿкаареи рхаҭарнакцәа.
Аиԥылараҿы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган илҳәеит апроект ахә аҵакы шамоу, уи азы аԥкрақәа шыҟоу.
"Аинфраструктура ахархәарала иҟоу апроект хра амазароуп, аныхрақәагьы ишәаны-изаны имҩаԥгалатәуп. Убри азы иаразнакы ҳколлегацәа асеиԥш аусура азнеишьа шәазыҟасҵар сҭахуп, иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа аԥсҭазаара раларҵәаразы, аҳаиреимадара аиҿкааразы", - лҳәеит Озган.
Аганқәа ахарџьнҵа ашәҟәқәа аус адулара иаҵанакуа аиҿкаара-техникатә зҵаарақәа ирылацәажәеит .
Аԥсны
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыра анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥысуеит
Аилацәажәара ашьҭахь Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза адиректор Виачеслав Ешбеи апроекттә еиҿкаара ахаҭарнакцәеи аҵакырахь инеины русура иацырҵеит. Гәыԥк абаӷәаза аиҭашьақәыргылара азинтә аспектқәа аус рыдыруылон иахәҭоу анормативтә база ашьақәыргыларазы.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы аҳаирбаӷәазеи асасааирҭеи аԥхасҭа ду роуит, аҵакыраҿы арҭҟәацгақәа ыҵарҵеит. Аҳаирбаӷәаза 1993 шықәса рзы иадыркит.