Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспореи рџьынџь ԥсадгьыли рыбжьара иҟоу аимадара аԥеиԥши, ахеидкылақәа инарыгӡо аусхкқәеи, аибабара арӷәӷәареи рзы иҟаҵатәу иазааҭылеит ҳџьынџьуаа рделегациа алахәылацәа.
Sputnik, Наала Гәымԥҳа
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба иазгәеиҭеит, даара агәахәареи агәыӷра бзиеи шырнаҭаз Аԥсны раҭаара. Дазааҭгылеит аамҭа кьаҿк ала иззааҭгылаз, излацәажәаз азҵаарақәа рлыҵшәақәа.
"Арҭ амшқәа ирылагӡаны иҳалшеит еиуеиԥшым аусӡбарҭақәа рахь анеира, азҵаарақәа жәпакы ҳрылацәажәеит, ԥхьаҟатәи ҳусеицушьа, ҳагәҭакқәа ртәы ҳазааҭгылеит", - ҳәа иҳәеит Ибраҳим Аҩӡба.
Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа дазааҭгылеит ҳдаиспорақәа реимадара, реиҭанаиааира, еснагь ишазхиоу ицәырҵуа ауадаҩрақәа еидгыланы рыӡбара , уи алҵшәа бзиақәа шрылҵуа агәра ганы дшыҟоу.
Апресс-конференциа алахәылацәа иазгәарҭеит, ихадоу зҵаараны ишыҟоу Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа жәлар атәылауаҩшәҟәыла реиқәыршәара, ишиашоу визада аҳәаа ихыҵыртә еиԥш аҟаҵара. Ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа иазгәарҭеит, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа ҿар аԥсуа бызшәа рҵарц, рхатәы ԥсадгьыл ахь ирымоу агәблыра аизырҳаразы иарбан дгылароу ирырҭарц ирылшо атәы.
Иҳәан, Ҭырқәтәыла иҟоу аҿар аԥсуа бызшәа дырҵаразы аԥснынтәи арҵаҩцәа радԥхьалара ргәы ишҭоу, иара убасгьы Аԥсны аколлеџь ҿыц аартра шырҭаху.
Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала иҟоу азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа гәахәарыла рбызшәа, рҵас, рқьабз иазхьаԥшуеит. Аҳәара ҟарҵоит излауала аԥсуа рҵаҩцәеи дареи реимадара шьақәгыларц, Аԥснынтәи арҵаҩцәа рҭааны абызшәа аҵара напы адыркырц.
"Ари азҵаара аганахьала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аиԥыларақәа мҩаԥаҳгеит, ҳалацәажәеит. Аԥсуа бызшәа адырҵаразы ауснагӡа шьақәыргылахоит. Сгәы иаанагоит, уи акырӡа аҵанакуеит ҳбызшәа ԥхьаҟатәи аҿиара аԥеиԥш азыҳәа",- иҳәеит Ибраҳим Аҩӡба.
Аҩӡба инаҵшьны иазгәеиҭеит, абызшәа адырра ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадьыл ахь рырхынҳәразы, рхьарԥшразы ишхадоу.
Жәларбжьаратәи Аԥсуа-абаза конгресс иреиҳау аидгыла алахәыла Аҳмеҭ Хапат апресс-конференциаҿы иҳәеит Аԥсни Ҭырқәтәыли рҳәынҭқаррақәа ԥхьаҟатәи реимадара уақәгәыӷратә иҟоуп ҳәа.
"Ҳара ҳаидгылар иҳалымшо ҳәа акагьы ыҟаӡам. Ҭырқәтәыла ҳахьыҟоу пату ҳақәырҵоит, аполитика аблала иҳахәаԥшӡом. Даара иаҳҭахуп ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхарҵарц, уи ҳазааигәахеит ҳәа сҳәарц сылшоит. Ирацәаны ҳалацәажәахьеит уи азҵаара, агәра згоит зегьы шманшәалахо",- иҳәеит Хапат.
Ажьырныҳәа 15 азы Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟынтә усутә ныҟәарыла Аҧсны иаҭааит ҳџьынџьуаа рделегациа, уи хадара азиуеит Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа, иара убас аилазаара иалоуп Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала иҟоу азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба, аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа аусбарҭа алахәыла Иумиҭ Шьаҳин Ашәба, Сҭампыл еиҿкаау аҧсуа культуратә центр ахантәаҩы Албуз Иаган, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Аҳмеҭ Хапаҭ.
Ажьырныҳәа 17 азы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариеи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи реиԥылара. Ажьырныҳәа 20 азы Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы аилак анапхгареи дареи аилатәара мҩаԥыреит, иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵараиурҭа анапхгареи дареи еиԥылеит.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра аԥҵан 1994 шықәсазы Сҭампыл Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иҟаиҵаз адҵала.