Ахшыҩи ахәыцреи ахьаԥшәымоу: Тамшь имҩаԥысыз ашахматтә турнир

Ашахматтә турнир "Аԥсны. Тамшь-Village 2022" ҩымштәи алҵшәақәа рыла иалкаахаз ашахматасыҩцәа иранашьан аԥаратә ҳамҭақәеи, ахраҿақәеи, амедалқәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи.
Sputnik
Раԥхьатәи жәларбжьаратәи ашахматтә турнир "Аԥсны. Тамшь-Village 2022" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 22- 23 азы Тамшь ақыҭан. Агроссмеистерцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Павел Смирнов, аҩбатәи - Миран Оганиан, ахԥатәи - Савели Голубев.
Аԥсни Урыстәылеи рҟынтә 90-ҩык ашахматасыҩцәа злахәыз атурнир мҩаԥысуан швеицариатәи асистемала 12 тур рыла, алахәылацәа алырхуан акомпиутертә ҵәҭаԥсарала.
Аицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" мҩаԥыргеит аспорт азы Аԥсны Аҳәынҭеилаки Аԥсны ашахмат азы Афедерациеи Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ацхыраара ала. Афинанстә цхыраара ҟарҵеит "Унив­ерсал банк", "А-мобаи­л", Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рхадарақәа.
"Тамшь-Village" - ари амшын аԥшаҳәаҿы игылоу 1000-ҩык зкуа ҳаамҭа иақәшәо коттеџьтә комплексуп, уи аргыларазы аинвестициақәа аланаҵеит урыстәылатәи атуристтә еилахәыра "Библио-Глобус". Иара аартын 2021 шықәса ԥхынгәымза алагамҭазы.
Sputnik Аԥсны Жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" аинформациатә дгылара анаҭеит.
1 / 13

Раԥхьатәи жәларбжьаратәи ашахматтә турнир "Аԥсны. Тамшь-Village 2022" мҩаԥысуан Тамшь ақыҭан

2 / 13

Акурорттә хыбра аҵакыраҿы ҩымш аспорттә еицлабра еилашуан

3 / 13

Аицлабра иалахәын Аԥсни Урыстәылеи ршахматасыҩцәа

4 / 13

Аицлабра иалахәын адуцәа реиԥш ахәыҷқәагьы

5 / 13

Ахәмаррақәа 12 тур рыла имҩаԥган

6 / 13

Ашахматасыҩцәа реицлабра ахәаԥшцәагьы рацәаҩын

7 / 13

Ахәыҷқәа адуцәа ириааиуан

8 / 13

Еиуеиԥшым акатегориақәа рыла еихшан атурнир

9 / 13

Аԥхьахәтә фонд сынтәа 500 нызқь мааҭ ыҟан

10 / 13

Тамшь ақыҭан аспорттә еицлабра есышықәса имҩаԥгахалоит

11 / 13

Урыстәылантәи иааз аспортсмен қәыԥш

12 / 13

Ашахматтә турнир алахәылацәеи ахәаԥшцәеи реиҳараҩык рхахьы иааиуазар ҟаларын Таиф Аџьба ицәаҳәақәа "Амра ссируп аҭашәамҭаз".

13 / 13

Атурнир аҟны аиааиреи аԥхьахәқәеи згази иранашьан аԥаратә ҳамҭақәеи, ахраҿақәеи, амедалқәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи