АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Гәдоуҭа, Бамборатәи амҩаҿ игылаз ахатәыҩны амца иахҟьаны аԥхасҭа аиуит, аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Ахҭыс азы аусбарҭахь адырра ҟалеит ажьырныҳәа 24 асааҭ 15:43 азы.
Амца дырцәон Гәдоуҭа ақалақь амцарцәаҩцәа.
Ауадақәа руак ҩныблааит. Ауааԥсыра ԥырхага рмоуит.