Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистрра ПЦР-тестқәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа русура аамҭа шьақәнарӷәӷәеит

Агәабзиарахьчара аминистрра ПЦР-пунктқәа русура аграфик шьақәнарӷәӷәеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ПЦР-тестқәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа русура аамҭа шьақәнарӷәӷәеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аҭыԥқәа аус рулоит есыҽны, асааҭ 8:00 инаркны 16:00 рҟынӡа.

ПЦР-ҭҵаара ахысразы аҳақьым иҟынтә адәықәҵабӷьыц умазароуп.
Знык иазҭахьоу, аха аиҭагәаҭара зҭаху ауаа 2-5 мшы рышьҭахь ачымазара аҟазшьақәа рымамзар, даҽазнык иарҭар ҟалом.
Аусбарҭа апресс-маҵзура иазгәанаҭоит Аҟәа аус шыруа ПЦР-тестқәа ахьрыдыркыло х-ҭыԥк:
Аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа – Басариа имҩа,146,
Аҳабла ҿыц – Аргәын имҩа, 1 (Ацхыраара ласы астанциа),
Ақалақьтә хәыҷтәы поликлиника – Лакоба имҩа, 11 (ахәыҷқәа рзы).
Иара убас ареспублика араионтә хәшәтәырҭақәа рҿы ПЦР-тестқәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа аус рулоит.
Ареспубликаҿ аус ауеит иаку аҭел - 0303.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра алаҵаҟаҵарҭа ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иагнархоит