Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәабзиарахьчара аминистрра алаҵаҟаҵарҭа ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иагнархоит

© Sputnik / Игорь Зарембо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация против гриппа в Калининграде
Вакцинация против гриппа в Калининграде - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥысит, иалацәажәан аштамм ҿыц "омикрон" аламырҵәара азҵаара.
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра алаҵаҟаҵарҭақәа рхыԥхьаӡара иагнархар алшоит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс" Аоперативтә штаб алахәыла Алиса Матуаԥҳа лажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Ари хықәкы хадас иамоуп алаҵа змоуи авирус змоуи реинырра армаҷра. Раԥхьа иргылан иадыркуеит хаз-хазы аҩналарҭақәа ахьыҟам апунктқәа. Аштаб урҭ рсиа рыланаҳәараны иҟоуп.
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2022
Аԥсны
Аԥсны акоронавирус омикрон-штамм здырбалақәаз ауаа ыҟоуп
Матуаԥҳа илҳәеит иахьазы атәыла алабораториақәа рҿы иаадырԥшуа аштамм "дельта" ауп. "Омикрон" атест-система Урыстәыла ашәҟәы иҭаҩын ажьырныҳәамзаз, аха ҳара макьана иаҳмоуцт. Аԥсны "омикрон" аҭыԥ амоуп ҳәа адыррақәа ахьынтәҳауа ареспублика ахатә лабораториақәа рҟынтә ауп. Урҭ ирго абиоматериал Урыстәылаҟа ирышьҭуеит.
Акоронавирус омикрон-штамм, B.1.1.529, аарԥшын Ботсванеи Аладатәи Африкеи абҵарамзазы. Аҟазауаа ишырҳәо ала, иара шьҭыркаар рылшоит ачымазара зхызгахьоугьы, алаҵа ҟазҵахьоугьы. Иара акыр еиҳа иццакны ирылаҵәоит авариант "дельта" аасҭа. Аштамм азгәарҭахьеит 110 тәыла рҿы, Аԥсынгьы абрахь иналаҵаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0