Аԥсны

Аԥсныҟа аԥхынразы атурқәа уажәнатә раахәара иалагахьеит

Заанаҵтәи аҿаҵарақәа асеиԥш ицалар, ааԥынразы сасааирҭақәак рҿы аҭыԥқәа аанымхар алшоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 – Sputnik. Аԥсныҟа аԥхынтә турқәа урыстәылаа акыр аинтерес рзаҵоуп ҳәа азгәарҭоит Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациаҿы.
Ареспублика традициала аҩнуҵҟатә туризм иаҵадыркуеит.
Аԥсшьарҭа ҭыԥ алхраан урыстәылаа Аԥсны ахәԥсақәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы ахәԥсақәа ишреиҵоу азгәарҭоит –30% рҟынӡа.
Аԥсны
Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа уажәнатә Гагра аԥхын аԥсшьараз аҭыԥқәа ааныркыло иалагахьеит
Иара убасгьы ареспублика урыстәылатәи аҩнуҵҟатә тәылауаҩшәҟә ала аҭаара ауеит, иаҭахым ПЦР-тестқәа, акарантин аҿы атәара.
Урыстәылатәи атуроператорцәа рассоциациа ахәшьарақәа рыла Амшын еиқәа иахьаԥну аԥхынразы атурқәа рыҭира акоронавирустә ԥкрақәа алагалахаанӡатәи аамҭаан иҟаз аасҭагьы еиҳауп.

"Заанаҵтәи аҿаҵарақәа ракциа абҵарамзазоуп ианалаго, ихыркәшахоит хәажәкырамзазы. Активла атурқәа рыҭира ашықәс ҿыц ашьҭахь иалагоит. Ари адинамика уажәгьы ишыҟац иҟоуп, амала аҿаҵарақәа рхыԥхьаӡара еиҳахеит", - лҳәеит атуроператор "Дельфин" ахаҭарнак Екатерина Чернова.

Ари иацхраауеит атуроператорцәа иҟарҵо агырхарақәа. Урҭ зны-зынла 40% илеиуеит.
Урыстәыла аплиажтә ԥсшьараз аԥыжәара рымоуп Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи. Бзиа ибаны рыԥсы ршьоит Шәача, Анапа, Геленџьык, Иалта.
Аԥсшьараз еиҳа иалыркаауеит лаҵарамзатәи аныҳәақәеи аԥхынтәи аԥсшьарамшқәеи.
Аԥсны
Еиқәыԥхьаӡоуп афатә хааны иҟазҵо аԥснытәи асасааирҭақәа