Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Еиқәыԥхьаӡоуп афатә хааны иҟазҵо аԥснытәи асасааирҭақәа

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСанатории Краснодарского края готовы принять отдыхающих
Санатории Краснодарского края готовы принять отдыхающих - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥышәа змоу атуристцәа аԥхынтәи атурқәа уажәнатә раахәара иалагахьеит аԥхын аламҭалаз аҭыԥқәа ҟамлар ахьалшо аҟнытә.
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациеи "Интурист" аекспертцәеи иаздырхиеит иагьыркьыԥхьит уажәнатә аҭыԥқәа ахьаанукылаша аԥснытәи асасааирҭақәа реиқәыԥхьаӡа.
Гагра с коптера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2022
Аԥсны
Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа уажәнатә Гагра аԥхын аԥсшьараз аҭыԥқәа ааныркыло иалагахьеит
Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа иазгәанаҭоит ареспубликахь аара зҭаху шырацәаҩ, уажәнатә атурқәа шаҿарҵо, иагьазгәанаҭоит Аԥсны QR-кодқәа, ПЦР-тестқәа шаҭахым, атәылахь алаларагьы урыстәылатәи аҩнуҵҟатә тәылауаҩшәҟәы ала ишалшо. Уи адагьы араҟатәи ахәқәа акыр илаҟәуп Краснодартәи атәылаҿацә иаҿырԥшны – бжьаратәла 30% рҟынӡа.
"Интурист" адыррақәа рыла ааԥыни аԥхыни Аԥсныҟа аара зҭаху рхыԥхьаӡара ҵыԥх иаҿырԥшны 63% еиҳахахьеит.
Асиаҿ иарбоуп аҭаацәаратә отельқәа, ахҳәаа бзиақәа змоу.
Агранд-отель "Аҟәа"
Apsuana Rose
Garuda Boutique Hotel
A.V. Sokol Family
Amra Park Hotel & SPA
"Ажәҩангәыԥшшәылатә ԥшаҳәа"
"Аквамарин"
Апансионат "Литфонд"
Апансионат "Аиҭар"
Магнолиа
2021 шықәса арекорд шьақәнаргылеит Аԥсны атуристцәа рҭааразы - 1,5 миллион мааҭ. Аиҳарак Аԥсны асасцәа аԥхынраз ауп ианаауа. Атәылаҿ амшынӡ цқьоуп, ааглыхратә наплакқәа ыҟам.
Убри аан асезонбжьаразгьы иаауа маҷым. Ареспубликаҿ рхыԥхьаӡара иазҳауиет асасааирҭа дуқәа, иҿиоит атуризм.
Ажәабжьқәа зегьы
0