Аԥсны

Еилкаахеит апандемиа ҵысижьҭеи Аԥсны шаҟаҩы алаҵа ҟарҵахьоу

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иааиуа амшқәа рзы иааргараны иҟоуп урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт".
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аԥсны апандемиа ҵысижьҭеи алаҵа ҟарҵахьеит 16 622-ы ауааԥсыра, абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра.
2021 шықәса абҵара 18 инаркны 2022 шықәса ажьырныҳәа 26 рҟынӡа COVID-19 аҟынтәи "Спутник V" алаҵа ҟарҵеит 3 193-ҩык.
2021 шықәса ԥхынҷкәын 30 инаркны 2022 шықәса ажьырныҳәа 26 рҟынӡа алаҵа "Спутник Лайт" ҟарҵеит 1 500-ҩык, апандемиа иалагазар - 6 929-ҩык.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра алаҵаҟаҵарҭа ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иагнархоит