Аԥсны

Ахәшәтәырҭақәа акарантин иахырҟьаны ауснагӡа иарбаз ахирургиатә ԥҟарақәа ааныркылоит

Амчыбжь иалагазар акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара акыр ирызҳаит. Агәабзиарахьчара ари аштамм ҿыц "омикрон" иадырҳәалоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Аԥсны ахәшәтәырҭақәа акарантин иахырҟьаны ауснагӡа иарбаз ахирургиатә ԥҟарақәа ааныркылоит, абри атәы иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба COVID-19 аҟынтә ауааԥсыра рыхьчаразы Аоперштаб аилатәараҿы.
"Ҳмедицинатә усҳәарҭақәа иҷыдоу аусурахь ииагоуп. Иалагалоуп акарантин, ауаа рҭаара ԥкуп, ауснагӡа иарбаз аԥҟарақәа аанкылоуп", - иҳәеит Быҭәба.
Иара иазгәеиҭеит, ахәшәтәырҭақәа рҿы ахыхьчагатә хархәагақәа рыла ишеиқәыршәоу.
Аминистр иҳәеит иҟоу аԥышәала "омикрон" дельта-штамм аасҭа имарианы иухугоит ҳәа шазгәаҭоу, аха иара уаанӡа идыру акоронавирус аштаммқәа зегь раасҭа иласны ишалаҵәо.
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара 42 065-ҩык ирыхьхьеит, ргәы бзиахахьеит 36 063 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 590-ҩык. Ажьырныҳәа 27 азтәи адыррақәа рыла уахыки-ҽнаки рыла ашәҟәы иҭагалан 607 хҭыс.
Аԥсны
Аԥсны асанмаҵзура ачымазара аҿиара омикрон-штамм иадырҳәалоит