Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны асанмаҵзура ачымазара аҿиара омикрон-штамм иадырҳәалоит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭкспресс-тестирование на COVID-19 в аэропорту Внуково
Экспресс-тестирование на COVID-19 в аэропорту Внуково - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 41458-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 35765-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 590-ҩык.
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik, Бадри Есиава. Ареспубликаҿы иаалырҟьаны акоронавирустә инфекциа змоу рхыԥхьаӡара азҳара омикрон-штамм иадырҳәалоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит асанепидемстанциа алабораториа аиҳабы Асҭан Аҩӡба.
"Дельта-штамм акраамҭа иҳалан, аха асеиԥш ачымазара аҽарҭбаауамызт. Уажәазы иҟоу аҭагылазаашьа омикрон-штамм иадаҳҳәалоит", - иҳәеит Аҩӡба.
Аҟазауаҩ иҳәеит, атәыла алабораториақәа аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҷыдала аус шыруа. Уахыки-ҽнаки рыла зқьы рҟынӡа анализ гәарҭоит. Аҟәатәи алабораториа мацара 700 ҭҵаара мҩаԥнагоит. Убри аан Аҩӡба иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарратә лабораториақәа рҿы ари аштамм шырзышьақәмыргыло. Уи азы иҷыдоу амыругақәа аҭахуп.
Медицинский работник проводит быстрые тесты на коронавирус на продовольственном рынке Коче в Каракасе, Венесуэла - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2022
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра ПЦР-тестқәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа русура аамҭа шьақәнарӷәӷәеит
"Ишьақәҳаргыло ауаҩы авирус имоу имаму ауп. Аштамм ашьақәыргыларазы аҽа технологиақәак аҭахуп. Урҭ ҳара иҳамам, хаҭала "омикрон" азы", - иҳәоит Аҩӡба.
Аштамм ахкы гәазҭо хаҭалатәи алабораториақәа ирго абиоматериал Урыстәылаҟа ирышьҭуеит.
Аҩӡба иажәақәа рыла, алабораториақәа макьаназ аҭагылазаашьа рымч ақәхоит. Зны-зынла амедусзуҩцәа русуратә мшы 12 сааҭ инеиуеит.
Аҩӡба ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаиҵеит анализқәа рыҭара ишабалак иазымнеиларц, рхы акадрымбалозар уи шаҭахым.
Люди в масках гуляют по Шанхаю, Китай - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2022
Аинфекционист омикрон-штамм еиҳа ишьҭызкаауа ркатегориа далацәажәеит
"Шамахамзар аԥхьатәи амшқәа рзы анализ авирус унарбом. Ахԥатәи амш инаркноуп ачымазара аҟазшьақәа анцәырҵуа", - иҳәеит аҟазауаҩ.
Акоронавирус омикрон-штамм, B.1.1.529, аарԥшын Ботсванеи Аладатәи Африкеи абҵарамзазы. Аҟазауаа ишырҳәо ала, иара шьҭыркаар рылшоит ачымазара зхызгахьоугьы, алаҵа ҟазҵахьоугьы. Иара акыр еиҳа иццакны ирылаҵәоит "дельта" ахкы аасҭа. Аштамм азгәарҭахьеит 110 тәыла рҿы, Аԥсынгьы абрахь иналаҵаны. Авирусологцәа аӡәырҩы омикрон ОРВИ еиԥшуп ҳәа иршьоит.
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2022
Аԥсны
Аԥсны акоронавирус омикрон-штамм здырбалақәаз ауаа ыҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0