Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны АКХ аҟны мчыбжьык аҩнуҵаҟа аԥшьгаратә гәыԥқәа 90 ашәҟәы иҭаргалеит

Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Аԥсны алхратә комиссиа хада аҟны ахәаша ажьырныҳәа 28 азы ашәҟәы иҭаргалеит даҽа аԥшьгаратә гәыԥқәа жәаҩа адепутатразы акандидатцәа:
Кәыҵниа Гәында Сергеи-иԥҳа - 1-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Аҟәа, аҳабла ҿыц)
Ҭаркьыл Беслан Иван-иԥа - 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Гәдоуҭа актәи ақалақьтә)
Кобахиа Фарид Мизан-иԥа - 17-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Лыхнытәи)
Ҳашба Ерик Павел-иԥа - 28-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Гәыԥтәи)
Лагәуа Асҭамыр Омар-иԥа - 28-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала(Гәыԥтәи)
Ҵәыџьба Милана Беслан-иԥҳа - 32-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Очамчыратәи)
Мироненко Вадим Николаи-иԥа - 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Алашарбагатәи)
Ҭыжәба Константин Андреи-иԥа - 6-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Аҟәа ақалақь агәантәи)
Џьопуа Асҭанда Родик-иԥҳа - 29-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Ҷлоутәи)
Чхеиӡе Давид Виктор-иԥа - 4-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Аҩадатәи)
Смыр Ахра Виктор-иԥа - 22-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Ешыратәи)
Нарманиа Наур Геннади-иԥа - 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала (Алашарбагатәи)
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.
Апарламент ахь адепутатцәа алзхуа аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара иалагеит ажьырныҳәа 21 инаркны.
Аԥсны
Аԥсны АКХ адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы агәыԥқәеи апартиақәеи