Аԥсны

Скорик "омикрон" азы: аԥкрақәа рыла иаанукыло иҟам

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 1169-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 607-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Акоронавирус аштамм ҿыц "омикрон" Аԥсны аԥкратә уснагӡатәқәа рыла аанкылара залшом ҳәа лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик, ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажьырныҳәа 28 азтәи аилатәараҿы.

"Аштамм-омикрон ауааԥсыра аиммуннтә хьчара рнаҭароуп. Иара аԥкратә уснагӡатәык ала аанкылара залшом. Ауаа ишрылаҵәац ирылаҵәалоит. Аиҳаракгьы ҳара аԥкрақәа ҳарықәныҟәарц анаҳҭахым", - лҳәеит лара.

Скорик илҳәеит, дельта-штамми бета-штамми џьаргьы имцеит, урҭгьы рҽацәыхьчара аҭахуп ҳәа.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба COVID-19 аҟынтә ауааԥсыра рыхьчаразы Аоперштаб аилатәараҿы аԥыза-министр Александр Анқәаб иирдырит Ареспублика амедицинатә усҳәарҭақәа иҷыдоу аусурахь ишиагоу. Иалагалоуп акарантин, ауаа рҭаара ԥкуп, ауснагӡа иарбаз аԥҟарақәа аанкылоуп ҳәа иҳәеит Быҭәба.
Аԥсны
Аԥсны асанмаҵзура ачымазара аҿиара омикрон-штамм иадырҳәалоит