Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Шәҩык ҟаларц егьрыгым: АКХ аҿы иҵегьы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҭарҩит

Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатразы акандидатцәа ҭарыҩраны иҟоуп жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Аԥсны алхратә комиссиа хадаҿы иҭарҩит адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ ҿыцқәа:
Ерик Рштуни алхратә ҭыԥ хада №4 (Аҩадатәи),
Геннади Арӡынба алхратә ҭыԥ хада №3 (Аҟәа, Аҳабла жәытә).
Ажьырныҳәа 29 рызтәи аҭагылазаашьала АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьагаратә гәыԥқәа 92, аполитикатә партиақәа хәба. Асиа зегьы шәаԥхьар шәылшоит абра.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәса рзы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.
Апарламент ахь адепутатцәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара иалагеит ажьырныҳәа 21 инаркны. Адепутатразы акандидатцәа ҭарыҩраны иҟоуп жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа.