АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik. COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵаразы иаку аҭыԥ аадыртуеит Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәшәтәырҭаҿы ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Аҳҭнықалақь ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа лыдҵа инақәыршәаны Аҟәатәи ақалақьтә поликлиника, Аполиклиника №3 иаку ацентр ахь ииагоуп.
Алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥ аусура шьақәыргылоуп ашьыжь асааҭ 09:00 инаркны ашьыбжьышьҭахь асааҭ 16:00 аҟынӡа.
Уаанӡа аоперативтә штаб аилатәараҿы иазгәаҭан алаҵаҟаҵарҭатә ҭыԥқәак русура аанкылахоит ҳәа.
Ари аус иахықәкы хадоуп авирус змоуи алаҵа змоуи реинырра алмыршара.
Аԥсны иаалырҟьаны акоронавирустә инфекциа змоу рхыԥхьаӡара рацәахеит, аҳақьымцәа уи ареспубликаҿ омикрон-штамм алаҵәара иадырҳәалоит.