Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

АКХ аҟны ашәҟәы иҭаргалеит адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа 101

Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәса азы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аԥсны алхратә комиссиа хадаҿы иҭарҩит адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа 101.
Ашәахьа, ажьырныҳәа 31 азы иҭаҩҩуп абарҭ акандидатцәа:
Инаԥшьба Руслан - 7-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Абиблиотека),
Ачба Беслан - 7-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Абиблиотека),
Арӡынба Таифун - 33-тәи алхратә ҭыԥ хада (Тҟәарчалтәи актәи),
Косиан Вагаршак - 14-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Цандрыԥшьтәи),
Асланӡиа Алхас - 6-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Агәантәи),
Кмузов Аслан - 33-тәи алхратә ҭыԥ хада (Тҟәарчалтәи актәи),
Зыхәба Лаша - 7-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Абиблиотека),
Чачхалиа Иракли - 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Алашарбагатәи),
Абыџба Ахра Хьырбеи-иԥа - 12-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Гагратәи).
Ажьырныҳәа 31 тәи аҭагылазаашьала АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьагаратә гәыԥқәа 101, аполитикатә партиақәа хәба. Асиа зегьы шәаԥхьар шәылшоит абра.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәса азы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.
Апарламент ахь адепутатцәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара иалагеит ажьырныҳәа 21 инаркны. Адепутатразы акандидатцәа ҭарыҩраны иҟоуп жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа.