Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

АКХ аҟны ашәҟәы иҭаргалахьеит адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа 106

Адепутатразы акандидатцәа ашәҟәы рҭаҩҩра хыркәшахоит жәабран 10 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Аԥсны алхратә комиссиа хадаҿы иҭарҩит адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа 106.
Аҩаша жәабран акы азы аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы иҭаргалеит абарҭ акандидатцәа:
Какалиа Асҭамыр - 8-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Алашарбагатәи),
Быҭәԥҳа Мадина -21-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Афонҿыцтәи),
Чачхалиаԥҳа Елена - 26-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Драндатәи),
Ладариа Руслан -20-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Аацытәи),
Асабуа Алиас - 4-тәи алхратә ҭыԥ хада (Аҩадатәи).
Жәабран акы азы аҭагылазаашьала АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьагаратә гәыԥқәа 106, аполитикатә партиақәа хәба. Асиа зегьы шәаԥхьар шәылшоит абра.
Апарламент ахь адепутатцәа алзхуа аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит жәабран 10 рҟынӡа. Адепутатразы акандидатцәа ҭарыҩраны иҟоуп жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәса азы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.