Иаалырҟьаны иҟало аԥхаррақәа ирыхҟьаны Ҟәбина аӡхыҵреи аӡымҭҟьари леир алшоит

Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аҳауа +12°C рҟынӡа ишьҭыҵыр ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Ҳазҭоу амчыбжь азы иаалырҟьаны иҟало аԥхаррақәа ирыхҟьаны Ҟәбина иахьаҵанакуа 15 раион рыҟны аӡхыҵреи аӡымҭҟьари леир ҟалоит ҳәа агәҽанҵара ҟанаҵоит аҭагылазаашьа ҷыдақәеи аграждантә хьчара ауадаҩрақәеи рзы Урыстәылазегьтәи аҭҵаарадырратә институт (ВНИИ ГОЧС).
Ҟәбина ариабжьарак илеиз асы аҟара уаанӡа иҟамлацт
"Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аҳауа +12°C рҟынӡа ишьҭыҵыр ҟалоит. Иаалырҟьаны иҟало аԥхаррақәа Ҟәбина иахьаҵанакуа 15 раион иахьылаҟәу аҭыԥқәа рыҟны аӡхыҵреи аӡымҭҟьари леир ҟалоит ", - ҳәа аҳәоит ВНИИ ГОЧС асаит аҿы.
Аинститут аҵарауаа иазгәарҭоит Ҟәбина аҵакыраҿ адгьылҳәазарақәеи аӡымҭҟьарлеиреи азы ашәарҭара шыҟоу.