АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Акоронавирус омикрон-штамм рыманы ахәшәтәырҭахь инарго иалагеит агәаҵәыхь рыманы 60 шықәса зхыҵуеи инеиҳауи ҳәа рҳәеит иапониатәи амедусзуҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит Express.
Фудзимино амедицинатә центр аусзуҩцәа иалыркааит ари ақәратә гәыԥ рхыԥхьаӡара ишацлаз. Уи адагьы урҭ реиҳараҩык агәаҵәыхь рыман иԥсабаратәымкәа ррыԥҳақәа аҳауа рҭарслатәын.
Амедусҳәарҭа адиректор Акира Кано иҳәеит ахәшәтәырҭахь инарго ачымазцәа рықәра еиҳа-еиҳа ишацло.
Кано иҳәеит "омикрон" еиҳа иҟәымшәышәуп ҳәа ирҳәо апрактика ишақәымшәо.
Акоронавирус омикрон-штамм, B.1.1.529, аарԥшын Ботсванеи Аладатәи Африкеи абҵарамзазы. Аҟазауаа ишырҳәо ала, иара шьҭыркаар рылшоит ачымазара зхызгахьоугьы, алаҵа ҟазҵахьоугьы. Иара акыр еиҳа иццакны ирылаҵәоит "дельта" ахкы аасҭа. "Омикрон" Урыстәыла налаҵаны шә-тәылак рҟны иаарԥшуп.
Ажьырныҳәа 24 азы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит Аԥсны 30 хҭыс шаарԥшу.
Аԥсны адиагностикатә центр Lab Quest аҿы заҵәык ауп иахьазы омикрон ахьаадырԥшуа. Уа ирҳәеит ари аштамм ажьырныҳәа 16 аахыс ишазгәаҭоу.